Аибашьраан Владислав Арӡынба Аԥсуа радио аефир ала ақырҭуа жәлар рахь дара рбызшәала ааԥхьара ҟаиҵахьан аибашьра шаанкылатәу, ақәибахра ишаԥсам иазкны. Уи ахҭыс иацыз аҭоурых арадио Sputnik аефир аҿы игәалаиршәоит апублицист, ауаажәларратә усзуҩы, апоет, аҵарауаҩ Владимир Занҭариа.
"Аҟәа араион ахақәиҭтәра ахьцоз аҭыԥқәа рҟны саргьы срыцны сцеит аҷкәынцәа. Убра Ака Арӡынба ухәа аҷкәынцәа ахьыҟаз ҳаиқәшәан, Кьылба акомандаҟаҵаҩ "уазыӡырҩ, иаҳәо убап" иҳәан, сыԥшызар, аибашьра ахьцоз афронт аҿы Владислав ибжьы ҳдырҳаит ақырҭшәала. Убра иалахан иҟаз ақырҭуа быргцәақәакгьы азыӡырҩуан "Аибашьра иаԥсам - шәаангыл" ҳәа ҳаиҳәеит ҳәа иалацәажәон. Шәазхәыц, шаҟа аус аируз Аԥсуа радио", - игәалаиршәоит Занҭариа.
Шәахәаԥш астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.