Аԥсны

Акультура аминистрра игәыгәҭажьу Аҟәатәи асахьаҭыхратә галереиа аилыргара рыланаҳәеит

Ауснагӡатә мҩаԥгахоит асабша, мшаԥы 30 рзы. Уи рхы аладырхәыр ҟалоит изҭаху зегьы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 29 - Sputnik. Аԥсны акультура аимнистрра ирыланаҳәеит Аҟәа, Пушкин имҩаҿы иҟоу Асахьаҭыхратә галереиа ахыбраҿ аилыргарақәа шымҩаԥгахо.
Аусбарҭа аҳҭнықалақь ауааԥсыреи арҿиаратә коллективқәеи рахь ааԥхьара ҟанаҵеит адгылара ҟарҵарц.
"Архитектуратә баҟа аҵакыра арыцқьарахь иааҳаԥхьоит ҳтәылауаа. Ари акциа агалереиа аусура ахацыркра иацхраауа уснагӡатәуп", - аҳәоит аминистрра аҳәамҭаҿ.
Ауснагӡатә иалахәхар зҭаху мшаԥы 30 асааҭ 9:30 рзы рҽеизыргароуп, изылшо амаҭәахәқәа рыманы.
1999 шықәсазы Пушкин имҩаҿ игылаз ақьырмытлых хыбра Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иаҭан Милаҭтә галереиак аҳасаб ала. Аха уахь измиасит, 20 шықәса рыҩнуҵҟа маҷ-маҷ аилаҳара иаҿуп.
Ажәытәи аҿатәи ахьеиларсу: Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла аиубилеи азы
Ииасыз ҭагалан азы асахьаҭыхыҩцәа ирыӡбеит ари аус рхахьы иргарц, еилырганы ахыбра аҩнуҵҟа асахьақәа рцәыргақәҵа мҩаԥыргеит.
Аҳәынҭгалереиа адиректор Сурам Сақаниа хәышықәса раԥхьа иазгәеиҭахьан ахыбра шхәыҷу, ишазымкуа афонд аҿы еизгоу аусумҭақәа.
Абас ала Аԥсни анҭыҵи асахьаҭыхыҩцәа ԥшь-нызқь инарзынаԥшуа русумҭақәа ҵәахуп ирнымаало аҭагылазаашьақәа ахьыҟоу аҭыԥ аҿы. Ара иҟоуп: Александр Чачба-Шервашиӡе, Варвара Бубнова, Борис Петров, Владимир Контарев, Марина Ешԥҳа, Витали Лакрба, Валери Гамгьиа, Витали Џьениа, Амиран Адлеиба, Ольга Брендель русумҭақәа.