АҞӘА, мшаԥы 29 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа 1941-1945 шш. рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира 77 шықәса ахыҵра аламҭалаз аветеранцәа ирыдныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит адипмиссиа асаит.
Урыстәыла аусқәа рзы аамҭала зыгәра гоу, ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа назыгӡо Максим Литвинов, Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа Аԥсны инхо аветеранцәа зегьы хаҭала ирҭааит.
Аветеранцәа аҳамҭақәа рырҭеит, Урыстәыла ахада Владимир Путин иааишьҭыз адныҳәаларақәа ирзаԥхьеит.