Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Занҭариа Аԥсуа радио аҭыԥи иалнаршахьои ртәы

Ажурналист, ауаажәларратә усзуҩы, апоет, аҵарауаҩ Владимир Занҭариа арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит аԥсуа милаҭтә радио аусура, иалнаршахьоу, уи иааннакыло аҭыԥ.
Sputnik
Мшаԥымза 30 рзы Аԥсуа радио иахыҵуеит 90 шықәса. 1932 шықәсазы аефир ахь иҭыҵыз амилаҭтә радио ҳажәлар ирҿахәҳәаган еиуеиԥшым аамҭақәа рзы. Аԥсуа радио иааннакылаз аҭыԥи уи ароли дрылацәажәеит дикторк иаҳасабала Аԥсуа радио аџьабаа азызбахьоу апублицист, ауаажәларратә усзуҩы Владимир Занҭариа.
"Аԥсуа радио ыҟамызҭгьы, уи аҩыза аԥышәа ду ҳамамызҭгьы, ателехәаԥшра аадыртрын, аха аус арура цәгьахон. Ажурналисттә кадрқәа разыҟаҵара аус аҿы абазатә ҟазшьа рыман, нас ателехәаԥшрахьы ииасит", - иҳәеит Занҭариа.
Иара дазааҭгылеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсуа радио инанагӡаз аус ду, игәалаиршәеит Владислав Арӡынба арадио аефир ала ақырҭуа жәлар рахь рбызшәала иҟаиҵаз ааԥхьара.
"Аҟәа араион ахақәиҭтәра ахьцоз аҭыԥқәа рҟны саргьы срыцны сцеит аҷкәынцәа. Убра Ака Арӡынба ухәа аҷкәынцәа ахьыҟаз ҳаиқәшәан, Кьылба акомандаҟаҵаҩ "уазыӡырҩ, иаҳәо убап" иҳәан, сыԥшызар, аибашьра ахьцоз афронт аҿы Владислав ибжьы ҳдырҳаит қырҭшәала. Убра иалахан иҟаз ақырҭуа быргцәақәакгьы азыӡырҩуан. "Аибашьра иаԥсам - шәаангыл!" ҳәа ҳаиҳәеит ҳәа иалацәажәон. Шәазхәыц, шаҟа аус аируз Аԥсуа радио", - иҳәеит Занҭариа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.