https://sputnik-abkhazia.info/20220429/azlatsazhasha-amoup-zanaria-asua-radio-ayi-ialnarshakhoi-rty-1038870542.html
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Занҭариа Аԥсуа радио аҭыԥи иалнаршахьои ртәы
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Занҭариа Аԥсуа радио аҭыԥи иалнаршахьои ртәы
Sputnik Аҧсны
Ажурналист, ауаажәларратә усзуҩы, апоет, аҵарауаҩ Владимир Занҭариа арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит аԥсуа милаҭтә радио аусура, иалнаршахьоу, уи... 29.04.2022, Sputnik Аҧсны
2022-04-29T10:50+0300
2022-04-29T10:50+0300
2022-04-29T10:50+0300
арадио
аԥсны
ҳазлацәажәаша ҳамоуп
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/1c/1038870459_0:0:1920:1080_1920x0_80_0_0_e01dbf18979969a9bfde7ccb0cba59e2.jpg
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Занҭариа Аԥсуа радио аҭыԥи иалнаршахьои ртәы
Sputnik Аҧсны
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Занҭариа Аԥсуа радио аҭыԥи иалнаршахьои ртәы
Мшаԥымза 30 рзы Аԥсуа радио иахыҵуеит 90 шықәса. 1932 шықәсазы аефир ахь иҭыҵыз амилаҭтә радио ҳажәлар ирҿахәҳәаган еиуеиԥшым аамҭақәа рзы. Аԥсуа радио иааннакылаз аҭыԥи уи ароли дрылацәажәеит дикторк иаҳасабала Аԥсуа радио аџьабаа азызбахьоу апублицист, ауаажәларратә усзуҩы Владимир Занҭариа."Аԥсуа радио ыҟамызҭгьы, уи аҩыза аԥышәа ду ҳамамызҭгьы, ателехәаԥшра аадыртрын, аха аус арура цәгьахон. Ажурналисттә кадрқәа разыҟаҵара аус аҿы абазатә ҟазшьа рыман, нас ателехәаԥшрахьы ииасит", - иҳәеит Занҭариа.Иара дазааҭгылеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсуа радио инанагӡаз аус ду, игәалаиршәеит Владислав Арӡынба арадио аефир ала ақырҭуа жәлар рахь рбызшәала иҟаиҵаз ааԥхьара."Аҟәа араион ахақәиҭтәра ахьцоз аҭыԥқәа рҟны саргьы срыцны сцеит аҷкәынцәа. Убра Ака Арӡынба ухәа аҷкәынцәа ахьыҟаз ҳаиқәшәан, Кьылба акомандаҟаҵаҩ "уазыӡырҩ, иаҳәо убап" иҳәан, сыԥшызар, аибашьра ахьцоз афронт аҿы Владислав ибжьы ҳдырҳаит қырҭшәала. Убра иалахан иҟаз ақырҭуа быргцәақәакгьы азыӡырҩуан. "Аибашьра иаԥсам - шәаангыл!" ҳәа ҳаиҳәеит ҳәа иалацәажәон. Шәазхәыц, шаҟа аус аируз Аԥсуа радио", - иҳәеит Занҭариа.Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/1c/1038870459_191:0:1900:1282_1920x0_80_0_0_0813ad30d9bbd2f0a72b5ea3f9488478.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аподкаст, аудио
аԥсны, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аподкаст, аудио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Занҭариа Аԥсуа радио аҭыԥи иалнаршахьои ртәы
Ажурналист, ауаажәларратә усзуҩы, апоет, аҵарауаҩ Владимир Занҭариа арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит аԥсуа милаҭтә радио аусура, иалнаршахьоу, уи иааннакыло аҭыԥ.
Мшаԥымза 30 рзы Аԥсуа радио иахыҵуеит 90 шықәса. 1932 шықәсазы аефир ахь иҭыҵыз амилаҭтә радио ҳажәлар ирҿахәҳәаган еиуеиԥшым аамҭақәа рзы. Аԥсуа радио иааннакылаз аҭыԥи уи ароли дрылацәажәеит дикторк иаҳасабала Аԥсуа радио аџьабаа азызбахьоу апублицист, ауаажәларратә усзуҩы Владимир Занҭариа.
"Аԥсуа радио ыҟамызҭгьы, уи аҩыза аԥышәа ду ҳамамызҭгьы, ателехәаԥшра аадыртрын, аха аус арура цәгьахон. Ажурналисттә кадрқәа разыҟаҵара аус аҿы абазатә ҟазшьа рыман, нас ателехәаԥшрахьы ииасит", - иҳәеит Занҭариа.
Иара дазааҭгылеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсуа радио инанагӡаз аус ду, игәалаиршәеит Владислав Арӡынба арадио аефир ала ақырҭуа жәлар рахь рбызшәала иҟаиҵаз ааԥхьара.
"Аҟәа араион ахақәиҭтәра ахьцоз аҭыԥқәа рҟны саргьы срыцны сцеит аҷкәынцәа. Убра Ака Арӡынба ухәа аҷкәынцәа ахьыҟаз ҳаиқәшәан, Кьылба акомандаҟаҵаҩ "уазыӡырҩ, иаҳәо убап" иҳәан, сыԥшызар, аибашьра ахьцоз афронт аҿы Владислав ибжьы ҳдырҳаит қырҭшәала. Убра иалахан иҟаз ақырҭуа быргцәақәакгьы азыӡырҩуан. "Аибашьра иаԥсам - шәаангыл!" ҳәа ҳаиҳәеит ҳәа иалацәажәон. Шәазхәыц, шаҟа аус аируз Аԥсуа радио", - иҳәеит Занҭариа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.