Аԥсны

Гагра аԥсшьараз еиҳа иромантикатәу ақалақьқәа ирыҵанакит

Амаҵзура Tvil.ru иалнакааит лаҵарамзатәи аԥсшьарҭа ҭыԥқәа рахьынтә атуристцәа еиҳа иромантикатәуп ҳәа ирԥхьаӡо.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 29 – Sputnik. Гагра аԥсшьараз еиҳа иромантикатәу ақалақьқәа жәаба ирыҵанакит ҳәа аанацҳауеит Tvil.ru.
Амаҵзура астатистикала аԥсшьараз иҿарҵо аамҭа 1-9 уахи-ҽни ирыҵаркуеит, аԥсшьаҩцәа азыхиоуп уахыки-ҽнаки рзы 1,6 - 4,7 нызқь мааҭ ашәара. Аиҳарак иаҿарҵоит асасааирҭақәеи (75%) ауадақәеи (21%).
Лаҵарамзазы бжьаратәла ҩыџьа рыԥсшьара 12,5 нызқь мааҭ итәоит.
Аныҳәамшқәа рзы аԥсшьараз еиҳа иромантикатәу ақалақьқәа жәаба рсиа:
Севастополь — 2972 м / 4 у-ҽ
Шәача — 1605 м / 9 у
Санкт-Петербург — 2685 м / 4 у-ҽ
Кисловодск — 1611 м / 6 у-ҽ
Казань — 2444 м / 3 у-ҽ
Тула — 2178м / 1 у-ҽ
Аладатәи Новгород — 2177 м / 3 у-ҽ
Гагра — 2312 м / 6 у-ҽ
Чемал — 4667 м / 3 у-ҽ
Москва — 2330 м / 2 у-ҽ.
Аԥсны
Гагра лаҵарамзазы аԥсшьацәа зҭаауа Ҭырқәтәыла еиндаҭло асиаҿ иҟоуп