Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи авиациа уахык ала 112 обиект ааха рнаҭеит

Хымз ирықәуп Украина абџьархыхреи Донбасс ауааԥсыра рыхьчареи ирызку арратә операциа ҷыда амҩаԥысра иаҿуижьҭеи.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 29 – Sputnik. Урыстәыла аоператив-тактикатәи арратәи авиациа уахык ала Украина 112 обиект ааха рнаҭеит ҳәа адырра ҟаиҵеит Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак, аинрал-маиор Игорь Конашенков.
Иқәху аобиектқәа иреиуоуп акомандаҟаҵаратә ҭыԥқәа 2, ахырӷәӷәарҭақәа 11, ари атехникеи ргыларҭақәа 95, аракета-артиллериатә бџьар аҵәахырҭақәа 4, аиланхарҭақәа Покровскоеи Гороховское рҿы.

Аракетатә ар уахык ала иҭадырхеит арратә обиектқәа 13. Николаевсктәи аобласт аҿы иҭархан украинатәи аракетатә комплекс "Точка-У", ф-раионк рҿы УАМ рыри ртехникеи ргыларҭақәа, артиллериатә батареиақәа 6, украинатәи ар рдивизион.

Уахык ала урыстәылатәи артиллериа иҭанархеит: 21 напхгараҭаратә ҭыԥ, 69 хырӷәӷәарҭа, 763 раион ари атехникеи ргыларҭақәа, 107 артиллериатә позициа. Иҭархоуп 280-ҩык амилаҭеилыхыҩцәа, 38 ак акәылӡтехникеи автомашьынақәеи.
Аҳауаҿагыларатә хьчара алшарала икажьуп 13 аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа, Каменки иахьаҵанакуа икажьуп ареактивтә хеиҵаҵа нашьақәгыла "Смерч" иҭнарҟьаз.