"Ицәажәоит Аҟәа!"
Аԥсуа радио ашьақәгылареи аҿиарамҩа анылареи рыхьӡ адҳәалоуп арадио аԥсуа редакциа раԥхьатәи аредактор, ашәҟәыҩҩы, ажурналист, Москватәи ажурналистика аинститут аушьҭымҭа Мушьни Аҳашбеи агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аҟны аус зуаз ажурналист, адиктор Сандро Сангәлиеи.
Раԥхьаӡа акәны "Ицәажәоит Аҟәа!" ҳәа Аԥсуа радио аефир ахь ицәырҵит 1932 шықәса мшаԥымза 30 рзы. Раԥхьаӡа акәны аԥсышәала игеит, раԥхьатәи адиктор Сандро Сангәлиа ибжьы. Усҟан изыԥхьоз ажәабжьқәа иреиуан еиуеиԥшым агазеҭқәа рҟынтәи еидкылаз аинформациа аԥсшәахь еиҭаганы.
Аԥсуа жәлар гәахәарыла ирыдыркылеит Аԥсны арадио ацәырҵра. Ақалақь агәҭа ихшьыз абжьырдугатә маругақәа рыбзоурала ажәлар ирылаҩуан ажәабжьқәа. Абас шьаҿа-шьаҿа аҿиара амҩа ианылеит Аԥсуа радио, 90 шықәса рыҩнуҵаҟа имариамыз аамҭақәа иргәылсны иахьа уажәраанӡа иааит ҳажәлар ирҿыхәҳәагоу Аԥсуа радио.
Арепрессиа аамҭа
1933 шықәсазы Аԥсуа радио аусура еиԥҟьо иалагеит. Уи зегьы зыхҟьоз Қырҭтәыла имҩаԥнагоз аполитика акәын. Ақырҭуа напхгара ииашам аинформациала арадио арцәажәара рҽазыршәон.
"Аԥсуа радио аҭагылазаашьа цәгьа ишҭагылаз еилкааны, Нестор Лакоба 1933 шықәсазы Қарҭҟа ашәҟәы иҩит арадиостанциа аргылара арҭбааразы. Хара имгакәан мап шацәыркуа ала аҭак иоуит", - иҳәоит Аԥсуа радио аиҳабы Адгәыр Гәынба.
1937 шықәса ажьырныҳәа 10 рзы аҭагылазаашьа еиҳагьы аҽеиҭанакит. Қарҭтәи анапхгара рыдҵала Аԥсны Акоммунисттә партиа Ацентртә анагӡаратә комитет иаднакылеит ақәҵара арадиокомитет аҭагылазаашьа ԥсахны Қарҭ анапаҵаҟа ииагахарц.
Усҟан аԥсуа жәлар зҭагыланы иҟаз аамҭа еиқәаҵәа иалаӡит аԥсуа интеллигенциа, аҵарауаа, алитературеи аҟазареи рхаҭарнакцәа, ауааԥсыра.
Аԥсуа радио 1941-1945 шш. алахьынҵа
1941 шықәсазы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аналага, Қарҭтәи анапхгара амилаҭ рҿахәы зҳәоз Аԥсуа радио аусура ааныркылеит. Даҽа мызкы ашьҭахь, Қарҭынтәи иааит ашәҟәы аурыс редакциеи ақырҭуа редакциеи рыҟәша аартызааит ҳәа. Аԥсуа редакциа аӡбахә зынӡа џьаргьы иарбаӡамызт.
"Еиҳа ажәлар аинформациа аиура ианазыԥшыз аамҭазы, Аԥсуа радио абжьы мго иҟарҵеит уи иақәымчуаз ақырҭуа напхгара. Дара имҩаԥыргоз аполитика иахҟьаны, аԥсуаа русуратә ҭыԥқәа рымхын, аредакциа аркра ҿыҵгас иҟаҵаны. Аԥсуа бызшәа аган иаварханы, зегьы ақырҭ бызшәахьы аиагара иалагеит", - иҳәеит Аԥсуа радио аиҳабы Адгәыр Гәынба.
Аиҭаҿиара аамҭа азыхынҳәра
Аԥсуа радио аԥсышәала аефирахь ицәырҵит Сталин иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, 1953 шықәсазы. Иаразнак аусура аиҿкаара зышьақәымгылеит, иаҭаххеит аамҭа. Иҟаӡамызт акадртә еилазаара, атехникатә лшарақәа еиԥҟьаны иҟан. Хыма-ԥсыма аефир ахь ицәырҵуан, аха аусура еиԥдырҟьомызт.
Убас, 1960 шықәсазы Аԥсуа радио редакторс даман Иван Амҷба, дикторс дыҟан апоет Алықьса Џьонуа, акорреспондент - Елена Гәынԥҳа.
Аԥсуа радио инарҭбаау аҿиарамҩа ианылеит 1970-тәи ашықәсқәа рзы. Уи иаҵагылеит апрофессионалтә ҟазацәа, арадио аҿы аусура иадҵаало иалагеит аҿарацәа, адырраҭарақәа рымҽхак ҭбаахо иалагеит.
Арадио аԥсуа редакциа раԥхьа аус адырулон аредакциа аиҳабы Артиом Амқәаб, аредактор Елена Гәымԥҳа, корреспондентцәас иҟан Владимир Аҳашба, Семион Адлеиба, аҳәаанырцәтәи ажәабжьқәа рҿы Ҭамара Хышԥҳа, акьыԥхьҩы Фениа Оҭырԥҳа, алитературатә ҟәша аҟны Алықьса Ермолов, Ҭина Қорсаииаԥҳа, дикторс дыҟан Иван Саӡба, уи аус ицылуан Лиуна Воуԥҳа.
1970 шықәсазы еиҿкаахеит амузыкатә редакциа. Усҟан Аԥсуа радио аредакциа аиҳабыс дыҟан Артиом Амқәаб. 50 шықәса инарзынаԥшуа амузыкатә редакциаҟны аус зуа Елеонора Барцыцԥҳа ибзиаӡаны илгәалашәоит уи анеиҿкаахаз аамҭа.
"Ҽнак Артиом Аџыр-иԥа даасыԥхьан, исеиҳәеит амузыкатә редакциа аиҿкаара ргәы ишҭоу, убри анаҩсангьы аԥсуа литературатә ҟәша аартрагьы гәҭакыс ишрымоу атәы. Уи даараӡа сеигәырӷьеит, аха сацәшәеит иҿыцу аус напаркра. Ҳҽеидаҳкылеит аусура агәацԥыҳәара змаз аҿар", - лҳәеит лара.
"Ашәақәа злаҭаҳаҩшаз аппарат ҳамамызт. Раԥхьаӡа ааԥхьара раҳҭеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашареи-рышәаҳәареи зҽаԥсазтәыз ансамбль ашәаҳәаҩцәа. Усҟантәи аамҭазы еиҿкааны ирыман аҭаацәаратә ансамбльқәа, ашколқәа рҟны ахор гәыԥқәа, қыҭацыԥхьаӡа рхатәы ансамбльқәа аԥҵаны ирыман. Уалԥшьас иҳадын аԥсуа музыкатә ҟазара апропаганда азура", - лҳәеит Елеонора Барцыцԥҳа.
Абасала, аредакциа аҽарҭбаауа иалагеит. Нхыҵ-Кавказтәи ҳаиашьартә жәларқәеи дареи аимадара рыбжьалеит, аԥсуа ашәақәа дара рышҟа ирышьҭуан, дара ртәқәа арахь иаарышьҭуан. Ус ишнеиуаз, Москватәи абжьыҭаҩразы Аҳәынҭқарратә ҩны аимадара рыбжьарҵеит. Уи иабзоураны Аԥсуа радио аредакциа шьаҿа ӷәӷәала аиҭаҿиара амҩа ианылеит.
Аԥсуа радио 1991-1993 шш. рзы
Аԥсуа радио аредакциақәа рыҽдырҭбаауа иалагеит. 1991 шықәса рзы еиҿкаан адырраҭара "Аԥсадгьыл абжьы". Аԥсны имҩаԥысуаз ажәабжьқәа еидкыланы аефир ахь иҭыҵуан, уи иабзоураны Ҭырқәтәыла иҟаз ҳџьынџьуаа Аԥсуа радио абжьы раҳартә еиԥш алшара рыман, акырынтә асалам шәҟәқәа аарышьҭхьан, абжьы шраҳаз, ишазыӡырҩуаз ала. Адырраҭара ҿыц шықәсык нахыҵуаны еиԥш, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагеит. Абри аамҭа цәгьа азыҳәаны Аԥсуа радио аиаша ауаа ирызназгоз хыҵхырҭа заҵәык акәны иахьыҟаз азы уи аусура еиԥҟьар ҟаломызт.
Убас, уажәтәи Гәдоуҭа аспорттә школ ахыбраҟны Аԥсуа радио аусура аҭыԥ азалхын. Иаартын астудиақәа ҩба: ажәабжьқәа ахьанырҵоз, аефир ахь излаҭыҵуаз.
"Ессааҭ аефир ахь ҳцәырҵуан, афронт аҟынтә иҟаз ажәабжьқәа ажәлар ирылаҳҳәон. Ҭырқә бызшәалагьы ажәабжьқәа ҳрыԥхьон. Аԥсуа жәлар зҭагылаз аџьамыӷәа, ақырҭуа имҩаԥигоз афашизм, абарҭ зегьы адунеи ахы-аҵыхәа иаҳартә иахьыҟаҳҵоз даараӡа ҳгәы шьҭнахуан", - ҳәа акыршықәса Аԥсуа радио абжьы аредакторс аус зуа Раиса Жьиԥҳа.
Аибашьра ашықәсқәа рзы Аԥсуа радио инанагӡоз ароль даараӡа идуун. Аибашьцәа рзыҳәаны еимадаган арадио аусура, шьоукы рзы иԥсҭаҵаган. Аԥсуа радио заҵәык акәын ҿыхәҳәагас иҟаз, ажәабжь рызназгоз. Еиҿкааза адырраҭара "Агәыӷра" иабзоураны еиҟәшахаз ҳажәлара ицҳамҩаны ирзыҟалеит. Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа амацәаз иҭакыз аԥсуа радио ашҟа иаарышьҭуаз асалам шәҟәқәа ирыбзоураны, еибаԥшаауан аамҭала еицәыхҟьаз аҭаацәарақәа. Урҭ асалам шәҟәқәа рыбзоурала рлахьынҵа еибырҳәон, инхаз-иҭахаз еилыркаауан.
"Ажәлар иаарышьҭуаз асалам шәҟәқәа дрыԥхьон Лиудмила Цобехьиаԥҳа. Сҭынхацәа ирызку џьара ак збандаз, ак саҳандаз ҳәа ауаҩы дангәаҟуа аамҭазы асалам шәҟәқәа гәыӷран, иԥсҭаҵаган, ихәырбӷьыцын", - лҳәоит Раиса Жьиԥҳа.
Аибашьрашьҭахьтәи Аԥсуа радио аԥсҭазаара
Аԥсуа радио аибашьрашьҭахьтәи алахьынҵа даара иуашәшәыран. Архивтә материалқәа аԥхасҭа ӷәӷәа роуит, аусзуҩцәа рнапы зларкшаз ҳәа акгьы рзымдыруа аҟынӡа инеит.
"Аибашьра ашьҭахь Аҟәа иҟаз ҳхыбра ҳанааҩнала, ҳшанхеит. Унапы злаукуаз ҳәа акгьы ыҟамызт, ҳархивтә материалқәа, ҳамаҭәахәқәа зегьы аԥхасҭа ӷәӷәа роуит, аха ҳгәы каҳмыжьит, досу илшоз ала аиқәырхара напы аиркит. Ҳусура хацҳаркит ҿыц акорреспондентцәа радԥхьаларала", - лҳәеит аурыс редакциа аредактор хада Еҭери Кациаԥҳа.
Аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы излацәажәоз акакәны иҟан аибашьра иаҳзыннажьыз ахьааи агәырҩеи, аиааира ҳзаазгаз афырхацәа рыхьӡ аӡыргара, ааха ӷәӷәа зауз ахыбрақәа, урҭ реиҭашьақәыргыларазы иҟаҵатәу, раԥхьа напы злактәу аусхққәа уҳәа, ажәлар ргәы иҵхоз азҵаарақәа.
"Аибашьра ашьҭахь арубрика ҿыц аԥшьаҳгеит "О подвигах, о доблести, о славе". Уаҟа ҳалацәажәон зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз афырхацәа рҭоурых. Ҩышықәса инарзынаԥшуа уалафахәыда аус ҳуан, ахаан аӡәы дгәамҵуа смаҳаит. Ҳаԥсадгьыл ҩаԥхьа аиҭашьақәыргылара, ҳбызшәа аиқәырхара, аԥсҭазаара лаша ахь ацәырҵра акәын ҳхықәкы хадақәа ируакыз", - лҳәеит Еҭери Кациаԥҳа.
Еҭери Кациаԥҳа лажәақәа рыла, Аԥсуа радио архив аиҭашьақәыргыларазы аусзуҩцәа адрыԥхьалон, аха аҵыхәтәанынӡа ирылшомызт уи аус анагӡара, избанзар аҭагылазаашьа даара ицәгьан, унапы злаукуа узымдыруа зегьы аарҳәны иҟан, агәам илаханы иҟан акыршықәса аџьабаа зыдбалаз архивтә материалқәа.
"Абраҟа лыӡбахә сҳәарц сҭахуп Ева Ламиаԥҳа. Уи илыллыршеит хәы змаӡам рхив материалқәа реиҭашьақәыргылара. Зынӡа илыцәтәымыз аус лнапы алалкит. Анапҭарԥақәа лхаҵаны, шьыжьы инаркны хәлаанӡа ахыбра дааҩнымҵкәа мчыбжьла, зеиқәырхара зылшоз акассетақәа рыцқьаны, рҭыԥқәа ирҭалҵон", - лҳәеит лара.
Аԥсуа радио иахьа
Аамҭа хьанҭақәа ириааины, Аԥсуа радио амилаҭ рҿахәы аҳәаратәы еиԥш еиҭашьақәыргылан, уи ианылеит даҽа мҩа ҿыцк. Аԥсуа радио аиҳабы Адгәыр Гәынба иажәақәа рыла, иахьа арадио иазааԥсоит ззанааҭ иазҟазоу аусзуҩцәа.
"Аматериалтә техникатә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы иџьабаа дууп усҟан аԥсуа телерадиоеилахәыра аиҳабыс иҟаз Гәырам Амқәаб. Аԥсуа радио аусзуҩцәа иҿыцу атехникатә маругақәа рыла еиқәыршәаны, астудиа ҿыцқәа рзалхын. Иахьа Аԥсуа телерадиоеилахәыра аиҳабы Ирина Агрԥҳа азҿлымҳара аалырԥшуеит ҳусура аганахьала, еснагь ацхыраара ҳалҭоит", - иҳәеит иара.
Ауадаҩрақәа ртәы дазааҭгыло, Адгәыр Гәынба иазгәеиҭеит аусзуҩцәа назга-аазго автомашьына аҟамзаара, насгьы атехника, амикрофонқәа рзымхара аус азҵаатәы.
"Афинанстә лшарақәа рацәак иҭбаамзаргьы, ахаҭабзиара еиӷьызтәуа ахылаԥшра амоуп. Ҳгәы иаанагоит ҳгәы иҵхо азҵаарақәа ӡбахап ҳәа", - иҳәеит иара.
Аԥсуа радио есышьыжь, асааҭ быжьба инаркны асааҭ жәабанӡа ишиашоу ицо аефир ахь ицәырҵуеит адырраҭара "Ашьыжь". Аус ауеит адырраҭара "Аԥсадгьыл абжьы", уи хықәкыс иамоуп аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа аԥсуа жәабжьқәа рызнагара. Анаҩс асааҭ жәаҩа рзы иҭыҵуеит икьаҿу ажәабжьқәа. Асааҭ хԥа рзы ихадоу ажәабжьқәа рыла аефир ахь ицәырҵуеит амҩаԥгаҩцәа. Асааҭ фба рзы еиҭаҭыҵуеит ишиашоу ицо аефир ала, сааҭк аефир аҟны иҟоуп. Аҵыхәтәантәи аефир азкуп аихшьалатә усура, асааҭ жәаба рҟынӡа ицо.
Аԥсуа радио аиҳабы иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аԥсуа радио иалагалоуп аҿыцрақәа.
"Иалаҳгалеит адырраҭара ҿыцқәа: "Асаркьал", уи мҩаԥигоит ААУ Владимир Анқәаб ихьӡ зху акабинет аиҳабы Ахра Анқәаб, адырраҭара "Аамҭеи ауаҩи" - аԥсҭазаараҟны аԥышәа змоу, акрызбахьоу аиҳабацәа рыҿцәжәара, убас ҳгәы иҭоуп "Ажәа амч" захьӡу ауаажәларра-политикатә дырраҭара аиҿкаара", - иҳәеит иара.
Аԥсуа радио 90 шықәса ахыҵра инамаданы, иазԥхьагәаҭоуп еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа.