https://sputnik-abkhazia.info/20220429/asua-radio-auszutsa-gyyk-aayrt-khya-rkhyreit-1038897752.html
Аԥсуа радио аусзуҩцәа гәыԥҩык аҳаҭыртә хьыӡқәа рхырҵеит
Аԥсуа радио аусзуҩцәа гәыԥҩык аҳаҭыртә хьыӡқәа рхырҵеит
Sputnik Аҧсны
Аныҳәатә хәылԥазы еиҿкаан Аԥсуа радио 90 шықәса ахыҵра аламҭалазы имҩаԥысуа агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа иҭагӡаны. 29.04.2022, Sputnik Аҧсны
2022-04-29T22:15+0300
2022-04-29T22:15+0300
2022-05-02T01:11+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/1d/1038896177_0:0:1499:844_1920x0_80_0_0_b36673d9ae7363b0f96598262e293efc.jpg
АҞӘА, мшаԥы 29 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы мшаԥы 29 рзы имҩаԥысит Аԥсуа радио 90 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә хәылԥазы.Уи иалахәын Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥыза-министр Александр Анқәаб, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, аиҳбыра алахәылацәа.Аԥсуа радио адиректор Адгәыр Гәынба еизаз бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо дазааҭгылеит Апсуа радио знысыз аҭоурых мҩа. Иҳәеит иахьатәи аамҭаз уи иамоу алшарақәеи ауадаҩрақәеи ртәы.Анаҩс Аԥсны ахада иҟаиҵаз адныҳәалареи, аҳаҭыртә хьӡқәа занеишьаз аусԥҟеи ртәы даԥхьеит акультуреи аҭҵаарадырреи рзы ахада иабжьгаҩ Нугзар Логәуа. Ажурналистикаҿ рылшамҭақәеи амилаҭтә радио аҿиара аҟны рлагалеи азы "Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ ҳаракы рыхҵоуп Аԥсуа радио аусзуҩцәа Кама Адлеиԥҳа, Оксана Ҭраԥшьԥҳа, Мадина Ҳагԥҳа. Иара убас, шықәсырацәала лҵшәбзиалатәи русуреи амилаҭтә радио аҿиара аҟны рлагалеи азы "Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ" ҳәа ахьӡ ҳарак рыхҵоуп Руфина Анқәабԥҳа, Мурман Аҳәба, Елена Бычкова, Реваз Ломиа.Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, апрофессор Екатерина Бебиаԥҳа лықәгылараҟны дазааҭгылеит Аԥсуа радио иуадаҩӡаз аамҭақәа рзы иамаз алшарақәа ртәы, убас инаҵшьны иазгәалҭеит уи акыр шықәса амаҵ азызуаз, иахьа ҳааигәа иҟам ажурналистцәа ахаан рыхьӡ кашәара ақәымкәан ишаанхо атәы.Аныҳәатә хәылԥазы ашәала идырԥшӡеит аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩцәа, авокал-инструменталтә ансамбль "Гәында", убас Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониа ашәаҳәаҩцәа.Аԥсуа радио аефир ахь ицәырҵит 1932 шықәса мшаԥымза 30 рзы. Уи ашьақәгылара, аҿиарамҩа анылара рыхьӡ адҳәалоуп арадио аԥсуа редакциа раԥхьатәи аредактор, ашәҟәыҩҩы, ажурналист, Москватәи ажурналистика аинститут аушьҭымҭа Мушьни Аҳашбеи ажурналист, адиктор Сандро Сангәлиеи.
https://sputnik-abkhazia.info/20220428/aourykh-akh-khazyrshua-aa-iaatit-asua-radio-90-shysa-akhyra-iazku-atsyrgaa-1038866577.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220429/aibashra-iasam---shaangyl-arynba-asua-radio-aefir-ala-yrshala-igylara-iazkny-1038870462.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/1d/1038896177_70:0:1403:1000_1920x0_80_0_0_62540d2442019c2e3ef1555ed0a2d15c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, акультура
Аԥсуа радио аусзуҩцәа гәыԥҩык аҳаҭыртә хьыӡқәа рхырҵеит
22:15 29.04.2022 (ирҿыцуп: 01:11 02.05.2022) Аныҳәатә хәылԥазы еиҿкаан Аԥсуа радио 90 шықәса ахыҵра аламҭалазы имҩаԥысуа агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа иҭагӡаны.
АҞӘА, мшаԥы 29 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы мшаԥы 29 рзы имҩаԥысит Аԥсуа радио 90 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә хәылԥазы.
Уи иалахәын Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥыза-министр Александр Анқәаб, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, аиҳбыра алахәылацәа.
Аԥсуа радио адиректор Адгәыр Гәынба еизаз бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо дазааҭгылеит Апсуа радио знысыз аҭоурых мҩа. Иҳәеит иахьатәи аамҭаз уи иамоу алшарақәеи ауадаҩрақәеи ртәы.
Анаҩс Аԥсны ахада иҟаиҵаз адныҳәалареи, аҳаҭыртә хьӡқәа занеишьаз аусԥҟеи ртәы даԥхьеит акультуреи аҭҵаарадырреи рзы ахада иабжьгаҩ Нугзар Логәуа.
Ажурналистикаҿ рылшамҭақәеи амилаҭтә радио аҿиара аҟны рлагалеи азы "Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ ҳаракы рыхҵоуп Аԥсуа радио аусзуҩцәа Кама Адлеиԥҳа, Оксана Ҭраԥшьԥҳа, Мадина Ҳагԥҳа. Иара убас, шықәсырацәала лҵшәбзиалатәи русуреи амилаҭтә радио аҿиара аҟны рлагалеи азы "Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ" ҳәа ахьӡ ҳарак рыхҵоуп Руфина Анқәабԥҳа, Мурман Аҳәба, Елена Бычкова, Реваз Ломиа.
© Sputnik / Леон Адлейба Кама Адлеиԥҳа
© Sputnik / Леон Адлейба Оксана Ҭраԥшьԥҳа
Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, апрофессор Екатерина Бебиаԥҳа лықәгылараҟны дазааҭгылеит Аԥсуа радио иуадаҩӡаз аамҭақәа рзы иамаз алшарақәа ртәы, убас инаҵшьны иазгәалҭеит уи акыр шықәса амаҵ азызуаз, иахьа ҳааигәа иҟам ажурналистцәа ахаан рыхьӡ кашәара ақәымкәан ишаанхо атәы.
Аныҳәатә хәылԥазы ашәала идырԥшӡеит аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩцәа, авокал-инструменталтә ансамбль "Гәында", убас Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониа ашәаҳәаҩцәа.
Аԥсуа радио аефир ахь ицәырҵит 1932 шықәса мшаԥымза 30 рзы. Уи ашьақәгылара, аҿиарамҩа анылара рыхьӡ адҳәалоуп арадио аԥсуа редакциа раԥхьатәи аредактор, ашәҟәыҩҩы, ажурналист, Москватәи ажурналистика аинститут аушьҭымҭа Мушьни Аҳашбеи ажурналист, адиктор Сандро Сангәлиеи.