Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Курск ақалақь аҿы аушьҭырҭатә ҭыԥ Украинантәи иеихсит

Курсктәи аобласт аҿы аҳәаа иаԥну аушьҭырҭатә ҭыԥқәа изныкымкәа ирылахысхьеит, лаҵара 11 рҟынӡа уа атеррористтә шәарҭара аҩаӡара "ҩежь" рылаҳәоуп.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 30 - Sputnik. Курсктәи аобласт аушьҭырҭатә ҭыԥ Крупец иеихсит аминаршәгақәа рыла Украина аҵакыраҟынтәи, абри атәы ааицҳаит аобласт агубернатор Роман Старовоит.
"Иахьа, мшаԥы 30 асааҭ 15:30 рзы Рылсктәи араион аушьҭырҭа Крупец Украина аҵакырантәи аминаршәга иатәу аснариадқәа аларыжьит", - ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.
Старовоит иазгәеиҭеит аӡәгьы дышҭамхаз, акгьы шеиламҳаз.
Курсктәи аобласт Рыльсктәи араиони Украина иатәу Суматәи аобласти рҳәаақәа еидуп. Аушьҭырҭатә ҭыԥқәа изныкымкәа ирыласхьеит.
Лаҵара 11 рҟынӡа уа атеррористтә шәарҭара аҩаӡара "ҩежь" рылаҳәоуп. Аобласт аҿы ахьчаратә усмҩаԥгатәқәа рӷәӷәоуп, лассы-лассы апатрульқәа ақалақьқәа рҿы ибжьоуп.
Урыстәылатәи амчрақәа уаанӡа адырра ҟарҵахьан Украина аганахьала апровокациақәа ҟалар шалшо, Урыстәыла еиҳа-еиҳа амчқәа шеизнагало Киев аобиектқәа ракетала рылахысразы.