Аԥсны

Аԥсны 20-ҩык инареиҳаны Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа аиааира ду амш азгәарҭоит

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын 55,5-ҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи, урҭ рахьынтәи аибашьра адәаҟны иаанхеит 17,5 нызқьҩык.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 1 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Иахьа Аԥсны инхоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз 26-ҩык аветеранцәа, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа рхеилак ахантәаҩы Закан Нанба.
Нанба иажәақәа рыла, Аибашьра Ду аветеранцәа рнаҩсгьы Аԥсны инхоит дара инарываҟәыло иҟоу аибашьраан аблокада зхызгаз, усҟан ихәыҷқәазгьы нарылаҵаны, Асовет аррамаҵураҟны имаӡаз аусқәа назыгӡоз, иара убас иақәнагоу аршаҳаҭгатә шәҟәқәа змоу.
Нанба иазгәеиҭеит, уаанӡа Аԥснытәи аибашьра аветеранцәа Аиааира Ду амш аҽны Урыстәылаҟа ишнарԥхьоз. Аха ҩышықәса раахыс апандемиа иахҟьаны уи аҩыза шзалмаршахо. Сынтәагьы ааԥхьара рмоуӡеит.
Иара убас, Нанба иазгәеиҭеит Аиааира амш аҽны аветеранцәа иахьынхо аҭыԥқәа рышҟа инеины ишрыдырныҳәало еиуеиԥшым аусбарҭақәа. Аҟәа инхо ақалақь ахада Беслан Ешба ирыдиныҳәалоит.
Аԥснынтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын 55,5-ҩык, урҭ рахьынтәи аибашьра адәаҟны иаанхеит 17,5 нызқьҩык. 22-ы Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит.