https://sputnik-abkhazia.info/20220501/asny-20-yk-inareiany-ayntylat-eibashra-du-aveterantsa-aiaaira-du-amsh-azgarueit-1038919816.html
Аԥсны 20-ҩык инареиҳаны Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа аиааира ду амш азгәарҭоит
Аԥсны 20-ҩык инареиҳаны Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа аиааира ду амш азгәарҭоит
Sputnik Аҧсны
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын 55,5-ҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи, урҭ рахьынтәи аибашьра адәаҟны иаанхеит 17,5 нызқьҩык. 01.05.2022, Sputnik Аҧсны
2022-05-01T17:20+0300
2022-05-01T17:20+0300
2022-05-01T17:24+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/06/0e/1032619201_0:159:3076:1889_1920x0_80_0_0_9dc0cef44a4aa9dc6ab5889b6b2e04f9.jpg
АҞӘА, лаҵара 1 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Иахьа Аԥсны инхоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз 26-ҩык аветеранцәа, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа рхеилак ахантәаҩы Закан Нанба.Нанба иазгәеиҭеит, уаанӡа Аԥснытәи аибашьра аветеранцәа Аиааира Ду амш аҽны Урыстәылаҟа ишнарԥхьоз. Аха ҩышықәса раахыс апандемиа иахҟьаны уи аҩыза шзалмаршахо. Сынтәагьы ааԥхьара рмоуӡеит. Иара убас, Нанба иазгәеиҭеит Аиааира амш аҽны аветеранцәа иахьынхо аҭыԥқәа рышҟа инеины ишрыдырныҳәало еиуеиԥшым аусбарҭақәа. Аҟәа инхо ақалақь ахада Беслан Ешба ирыдиныҳәалоит.Аԥснынтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын 55,5-ҩык, урҭ рахьынтәи аибашьра адәаҟны иаанхеит 17,5 нызқьҩык. 22-ы Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/06/0e/1032619201_174:0:2903:2047_1920x0_80_0_0_e107fbea124b96e605840d96df519bc3.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аԥсны 20-ҩык инареиҳаны Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа аиааира ду амш азгәарҭоит
17:20 01.05.2022 (ирҿыцуп: 17:24 01.05.2022) Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын 55,5-ҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи, урҭ рахьынтәи аибашьра адәаҟны иаанхеит 17,5 нызқьҩык.
АҞӘА, лаҵара 1 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Иахьа Аԥсны инхоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз 26-ҩык аветеранцәа, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа рхеилак ахантәаҩы Закан Нанба.
Нанба иажәақәа рыла, Аибашьра Ду аветеранцәа рнаҩсгьы Аԥсны инхоит дара инарываҟәыло иҟоу аибашьраан аблокада зхызгаз, усҟан ихәыҷқәазгьы нарылаҵаны, Асовет аррамаҵураҟны имаӡаз аусқәа назыгӡоз, иара убас иақәнагоу аршаҳаҭгатә шәҟәқәа змоу.
Нанба иазгәеиҭеит, уаанӡа Аԥснытәи аибашьра аветеранцәа Аиааира Ду амш аҽны Урыстәылаҟа ишнарԥхьоз. Аха ҩышықәса раахыс апандемиа иахҟьаны уи аҩыза шзалмаршахо. Сынтәагьы ааԥхьара рмоуӡеит.
Иара убас, Нанба иазгәеиҭеит Аиааира амш аҽны аветеранцәа иахьынхо аҭыԥқәа рышҟа инеины ишрыдырныҳәало еиуеиԥшым аусбарҭақәа. Аҟәа инхо ақалақь ахада Беслан Ешба ирыдиныҳәалоит.
Аԥснынтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын 55,5-ҩык, урҭ рахьынтәи аибашьра адәаҟны иаанхеит 17,5 нызқьҩык. 22-ы Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит.