Sputnik
Нестор Лакоба Аԥсны аҭоурых аҟны даанхоит иналукааша аҳәынҭқарратәи, аполитикатәи, ауаажәларратә усзуҩын. 1921 шықәса рзы, Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла, Нестор Лакоба активла аԥсҭазаара ҿыц аҽалархәра нап аиркит. Уи еснагь аҭакзыԥхықәу аусбарҭақәа рҟны аиҳабыратә маҵзурақәа ныҟәигон. Аревком ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан, арратәи амшынтәи аусқәа рзы жәлар ркомиссарс, Аҟәатәи агорнизон аиҳабыс. Еиҳаракгьы ажәлар рыбзазара аҭышәныртәалара акәын дзышьҭаз, акыҭақәа рахь ирацәаны дныҟәон.
Лакоба акыр азҿлымҳара аиҭон аҵарадырра, акультура аус, аҿар уи иадиԥхьалон, амилаҭтә знеишьа иадҳәалаз илаԥш ҳәаа акыр иҭбаан, ижәлар рҭоурыхтә ҭынха аиқәырхара дашьҭан. Иара хаҭала дырԥылахьан Максим Горки, Владимир Маиаковски реиԥш иҟаз ауаа, иара убас аиҩызара рыбжьан арҿиара знапы алакыз, акультура амаҵ азызуаз ауааи иареи.
Аполитика иаланагалаз аԥсахра хьанҭақәа ҳажәлар рыԥсҭазаара ианымԥшыр алымшеит. Иҟаз ауадаҩрақәа дырхьымԥшкәа, Лакоба иԥсадгьыл аԥеиԥш азы иқәԥара иациҵон. Уи ԥсраҽнынӡа Аԥсны Қырҭтәыла иалҵразы, ақырҭуа политика иԥсадгьыл анырра алмыршаразы аџьабаа ду ибон. Урҭқәа зегьы анаҩсан Лакоба илахьынҵа рыӡбеит. Ирацәаҩуп аҵарауаа Сталин Лакоба иқәгара 1935 шықәса алагамҭазгьы иӡбахьан ҳәа изшьо...
Лавренти Бериа Нестор Лакоба Қарҭҟа ааԥхьара иҭаны, иҩны днаганы ашҳам иҭан дишьит. Ари ахҭыс ҟалеит ԥхынҷкәын 28, 1936 шықәса рзы.
Нестор иҭархара атәы заҳаз ажәлар хыҵны, иԥсыбаҩ аазгоз адәыӷба иаԥыларц еизеит Кьалашәыр адәыӷба аанҿасарҭаҿы.
Нестор иԥсыбаҩ анаарга, иԥшәмаԥҳәыс Сариа маӡала аҳақьым диԥхьеит. Аԥсы данԥырҟа ирбарҭахеит ашҳам – ациантә кали шилаз. Насшәа еилкаахеит уи ахьынтәаанагазгьы. Нестор имашьынарныҟәцаҩ еиҭеиҳәеит Лавренти Бериа иҩнаҟынтәи данигоз Нестор "сыршьит" ҳәа ажәазаҵәык шиҳәаз.
Нестор Аполлон-иԥа Лакоба диит лаҵарамза 1, 1893 шықәсазы Лыхны ақыҭан. Лыхнытәи ақыҭатә школ аҟны иҵарадырра хацыркын, анаҩс ауахәаматә школ аҟны. 1905 шықәсазы, 12 шықәса зхыҵуаз Нестор Лакоба дҭалоит Тифлистәи адоуҳатә ҵараиурҭа. Анцәахаҵара иадҳәалаз азҵаарақәа дрыцәтәымын, иара изааигәан ареволиуциа иадҳәалаз зегьы. Усҟантәи аамҭазы Нестор Лакоба дзықәгәыӷуаз иҩызцәеи иареи ауаажәларра рсоциалтә ҭагылазаашьа аԥсахра иазкыз азҵаарақәа ирылацәажәон, аҿар рыҩнуҵҟа ареволиуциатә ҟазшьа змаз ажәабжь аладырҵәон, анҵамҭақәа, ашәҟәқәа рнапаҿы ироуртә еиԥш аҭагылазаашьа аԥырҵон.
Қырҭтәыла аменшевикцәа Аԥсны анрымпыҵархала Нестор Лакоба аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара ахаҿы дгылеит. 1917 шықәсазы иаԥиҵеит "Кьараз". 1918 шықәсазы еиҿикааит ақырҭуа меншевикцәа имҩаԥыргоз аполитика аҿагыларазы ақәгылара. Иара уи ашықәс анҵәамҭазы, дызхагылаз ареволиуциатә усмҩаԥгатәқәа рзы абахҭа дҭаркуеит.
Жәабран 17, 1922 рзы Лакоба далырхуеит Аԥсны Жәлар Ркомиссарцәа Рхеилак ахантәаҩыс. Иара убри аамҭазы ареспублика Аекономикатә хеилак дахылаԥшуан. 1930 шықәса рзы Аԥсны жәлар ркомиссарцәа рсовет аԥыхын. Анаҩс, Аԥсны Қырҭтәыла аилазаараҟны Автономтә республиканы иҟалеит. Лакоба Аԥснытәи АССР Анагӡаратә комитет хада ахантәаҩыс далххеит.
Нестор Лакоба ианашьан Аеҵәа Ҟаԥшь аорден Асовет мчра аҿаԥхьа илшамҭақәа рзы.