Иахьашәны 1936 шықәсазы: Нестор Лакоба даныршь амш

© Foto / Всемирный абхазо-абазинский конгрессНестор Лакоба
Нестор Лакоба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зыԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа аԥсуа жәлар рымаҵ аура иазызкыз Аԥсны аҵеи лаша Нестор Лакоба ԥхынҷкәын 28, 1936 шықәса рзынӡа ауп илахьынҵа ахьицныҟәаз. Ишәыдаагалоит уи Ҭырқәтәылаҟа ҳџьынџьуаа рԥыларазы даныҟаз иазку Бганы Ардаҳан еиҭеиҳәаз аҭоурых.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

"Изакәытә насыԥузеи аԥсуа даԥсыуаны Анцәа дахьишаз, урҭ ԥызас Нестор Лакоба иеиԥш иҟаз ауаҩы дахьранеишьаз, зыжәлар гәыла-ԥсыла бзиа избоз, зхы-зыԥсы рыхҭнызҵоз", - абас иҩуан Нестор Лакоба изы иара ирҵаҩцәа ируаӡәкыз М.Ф. Гужовски.

Актәи аԥсуа ԥырҩы идокументқәа - Sputnik Аҧсны
Аҵак ду змоу архивтә документқәа Аибашьратә фырхаҵара амузеи иаҭоуп

Ииашаҵәҟьаны, абри ахшыҩҵак иагәылаҵәахызар ҟалап аԥсуа жәлар рыԥсҭазаареи ргәыӷрақәеи здырҳәалоз аԥсуа револиуционер, аԥыза ҳәа имаз ахьӡ иаԥсахаз Нестор Аполлон-иԥа Лакоба ихаҭара, иааидкыланы идунеихәаԥшышьа зегьы иагәылаҵәаху аԥсуа иҟазшьа хатәрақәа зегьы. Милаҭ еилых ҟамҵакәа ажәлар рыбзиабара иԥсҭазаара зегьы цәаҳәа ҟаԥшьны иагәылсуан. Уи дырҵабыргуеит еиуеиԥшым аҭоурыхтә хҭысқәа, ихымҩаԥгара, иусура, еицакра зқәым иааԥсара. Ажәлар ракәзар, убасҵәҟьа бзиа дырбон, рхеиԥш пату иқәырҵон.

Нестор Лакоба диит лаҵарамза 1, 1893 шықәса рзы, Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан. Дхәыҷаахыс агәаҟра иалаз бзианы еиликаауан, иара диит анхаҩы иҭаацәараҿы. Иаб лассы иԥсҭазаара далҵит, иани ҩыџьа иашьцәеи иареи имариамыз аамҭа иҭагылан, ахныҟәгара рцәыуадаҩын. Нестор Лакоба иан илхылгоз аџьамыӷәа цгьеи иқыҭауаа зҭагылаз агәаҟреи акыр ибарҭан, игәаҟынӡа инеигон. Аиашареи ажәлар рыҩнуҵҟа аизыҟазаашьақәеи ирыдҳәалаз азҵаарақәа гәҭыхас еснагь иман, аха ақыҭаҿы урҭқәа зегьы рҭакқәа изҭодаз?..

Аҭоурых ахамшҭразы: Сариа Лакоба лгәалашәара иазкыз ахәылԥаз мҩаԥган РУСДРАМ аҿы - Sputnik Аҧсны
Аҭоурых ахамшҭразы: Сариа Лакоба лгәалашәара иазкыз ахәылԥаз мҩаԥган РУСДРАМ аҿы

Нестор Лакоба раԥхьатәи иҵарадырра хацыркын ауахәаматә школ аҟны, иара убас Лыхнытәи ақыҭатә школ аҟны. 1905 шықәса рзы, Урыстәыла раԥхьатәи ареволиуциа ашьҭыбжь ӷәӷәаны ианарга, 12 шықәса зхыҵуаз Нестор, иԥгылаз ауадаҩрақәа дыриааины Тифлистәи адоуҳатә ҵараиурҭа дҭалеит. Аҵара бзиаӡан ицааиуан, ашәҟәқәа рыԥхьара бзиа ибон. Анаҩс Тифлистәи адоуҳатә семинариа дҭалеит.

Усҟантәи аамҭазы Нестор Лакоба дзықәгәыӷуаз иҩызцәеи иареи ауаажәларра рсоциатә ҭагылазаашьа аԥсахра иазкыз азҵаарақәа ирылацәажәон, аҿар рыҩнуҵҟа ареволиуциатә ҟазшьа змаз ажәабжь аладырҵәон, анҵамҭақәа, ашәҟәқәа рнапаҿы ироуртә еиԥш аҭагылазаашьа аԥырҵон.

Насыԥ змаз аҩны: ара инхон Сариеи Нестори - Sputnik Аҧсны
"Насыԥ змаз аҩны": ара инхон Сариеи Нестори

Нестор Лакоба иреволиуциатә усуреи, имилаҭ хақәиҭратә қәԥареи, анаҩстәи ишьаҿақәеи шьагәыҭс ироуз усҟантәи аамҭазы иҿаԥхьа иқәиргылаз ахықәкы ауп, уи иуаажәлар рыԥсҭазаара аиӷьтәразы ақәԥара ауп, иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа убри акәын дызҿӡаз...

Нестор Лакоба азҿлымҳара ду аиҭон амҳаџьырра иахҟьаны атәым дгьыл аҟны инхоз ҳџьынџьуаа рырхынҳәра азҵаара. Уи ус шакәу шьақәзырӷәӷәоз ак акәхеит шықәсқәак раԥхьа Ҭырқәтәыла аижәлантәқәа Бганаа реиқәшәараҿы саныҟаз, хаҭала сзацәажәаз, зыхьӡ-зыԥша акыр иҳараку Ардаҳан Бганба исзеиҭеиҳәаз аҭоурых. Уи игәалаиршәеит Нестор Лакоба идҳәалаз акыр аинтерес зҵаз хҭыск. "Арахь баала, схәыҷы", - иҳәан, днасыԥгылан, игәараҭа ашҭа ду ахь иҿынеихеит. Ахьаца дуқәа игылаз ҳнарымҵалеит, ус иажәабжьгьы нхациркит:

"Сара Бганы Шәлиман имаҭацәа среиуоуп. Ҭырқәтәыла Шәлиман иашҭа иҭагылоу ахьацақәа 200 шықәса инареиҳауп. Ҳара ҳабдуцәа рҟынтә излаҳаҳаз ала, арҭ ахьацақәа даара имшны ирыԥхьаӡон. Ҳарҭгьы даара пату ҳазрықәуп, ақыҭақәа ҳахьрыласоу бзиа ҳбоит. "Дад, ҳара ҳашьҭахь аҳәирақәа ахырҵәаны инышәмыжьын ҳашҭақәа", - рҳәалон ҳаиҳабацәа. Нестор Лакоба Ҭырқәтәылаҟа данаа, ҳара дҳасасын, абарҭ иббо ахьацаҵлақәа рымҵан акыр аиԥыларақәа, аизарақәа мҩаԥигеит. 68 шьтәа шьны, убас қәнагала иԥылеит, иара убасҵәҟьа ҳаҭырла ирԥылеит иара ибзоураны ҳгәараҭа иҭалаз асасцәа", - иҳәеит Ардаҳан Бганба, аҭоурых ашьҭа азгәаҭауа.  

Ардаҳан Бганбеи иара убас иазгәеиҭеит Нестор Лакоба Ҭырқәтәылаҟа иаара ҳџьынџьуаа рырхынҳәра азҵаарақәа рыӡбара ишадҳәалаз:

"Нестор Лакоба Ҭырқәтәылаҟа иаара хықәкыс иамаз абраҟа инхо аԥсуаа Аԥсныҟа рырхынҳәра акәын. Еҳ, шаҟа иҟәыӷақәааз ҳаиҳабацәа… Урҭ араҟа аҩнеихагылақәа рыҟаҵара рҭахӡамызт, избанзар рыԥсадгьыл ахь ахынҳәра иаргәаҟуан, анасыԥдақәа…", - абраҟа еиқәиҳәалеит Ардаҳан Бганба иажәабжь.

Лакәа Деметр игәараҭа - Sputnik Аҧсны
Ихшыҩ ҵарын, алаф иҿан, дуаҩ ҟәышын: Деметр Лакоба иҭоурых

Аамҭа уадаҩ аҟынтә ужәлар ралгара ус имариам, уи азы иузҭазароуп агәаӷь, иумазароуп аҟәыӷара, уахысроуп аԥышәара аамҭа. Урҭқәа зегьы злаз Нестор Лакоба ҳажәлар драԥхьагылахарц азы ҳазшаз дҳаҭәеишьеит.

1921 шықәса рзы, Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла, Нестор Лакоба активла аԥсҭазаара ҿыц аҽалархәра нап аиркит. Уи еснагь аҭакзыԥхықәу аусбарҭақәа рҟны аиҳабыратә маҵзурақәа ныҟәигон. Аревком ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан, арратәи амшынтәи аусқәа рзы жәлар ркомиссарс, Аҟәатәи агорнизон аиҳабыс. Еиҳаракгьы ажәлар рыбзазара аҭышәныртәалара акәын дзышьҭаз, акыҭақәа рахь ирацәаны дныҟәон.

1922 шықәса рзы Аԥсны Асовет актәи аизараҟны Лакоба Аԥсны жәлар ркомиссарцәа рсовет ахантәаҩыс далхын, иара убас иреиҳаӡоу аекономикатә усбарҭа напхгара азиуан, убас еиԥш хырхарҭа рацәала еиларсыз аусқәа зегьы ҳәаақәиҵон, урҭ аҿиара бзиагьы рыманы имҩасуан.

Нестор Лакоба  - Sputnik Аҧсны
Зыԥсҭазаара қәԥараз: Нестор Лакоба диижьҭеи 128 шықәса ҵит

Иара илахьынҵа дызҭанаргылахьаз ахҭысқәа зегьы ҳасаб рзуны, Лакоба акыр азҿлымҳара аиҭон аҵарадырра, акультура аус, аҿар уи иадиԥхьалон, амилаҭтә знеишьа иадҳәалаз илаԥш ҳәаа акыр иҭбаан, ижәлар рҭоурыхтә ҭынха аиқәырхара дашьҭан. Иара хаҭала дырԥылахьан Максим Горки, Владимир Маиаковски реиԥш иҟаз ауаа, иара убас аиҩызара рыбжьан арҿиара знапы алакыз, акультура амаҵ азызуаз ауааи иареи.

1930 шықәса рзы Аԥсны жәлар ркомиссарцәа рсовет аԥыхын. Анаҩс Аԥсны Қырҭтәыла аилазаараҟны Автономтә республиканы иҟалеит. Лакоба Аԥснытәи АССР Анагӡаратә комитет хада ахантәаҩыс далххеит.

Маҳҭы Бениа  - Sputnik Аҧсны
Нестор Лакоба зыгәра игоз: Маҳҭы Бениа иҭоурых

Усҟан аполитика иаланагалаз аԥсахра хьанҭақәа ҳажәлар рыԥсҭазаара ианымԥшыр алымшеит. Иҟаз ауадаҩрақәа дырхьымԥшкәа, Лакоба иԥсадгьыл аԥеиԥш азы иқәԥара иациҵон. Уи ԥсраҽнынӡа Аԥсны Қырҭтәыла иалҵразы, ақырҭуа политика иԥсадгьыл анырра алмыршаразы аџьабаа ду ибон. Урҭқәа зегьы анаҩсан Лакоба илахьынҵа рыӡбеит... 

Нестор Лакоба иԥсадгьыл азы дыззықәԥоз амҩа зҟырҟы икылагылаз Лавренти Бериа ашҳам иҭан дишьит аԥсуа жәлар раԥхьагыла, ргәыӷырҭа. Ари ахҭыс ҟалеит иахьашәны, ԥхынҷкәын 28, 1936 шықәса рзы.

Аиашара иашьҭаз, уи азы ааԥсрак ззымдыруаз, зыжәлар рхақәиҭра иазықәԥоз аԥсуа хаҵа иԥсра Аԥсынтәыла зегь азы даара ихьаа дуны иҟалеит. Нестор Аполлон-иԥа Лакоба игәалашәара ҳаҭырла иныҟәыргоит иуаажәлар, Аԥсны аҵеи лаша ҳәа ихьӡ наунагӡа аҭоурых иазынхоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0