АҞӘА, лаҵара 2- Sputnik. Мчыбжьык аҩнуҵаҟа Аԥсны ауааԥсыра СOVID -19 хҩык ирыдырбалеит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Мшаԥымза 26 инаркны лаҵара 2 нӡа Аԥсны акоронавирус рыдбалоуп хҩык ҳәа аҳәоит аацҳамҭаҿы.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 8-ҩык.
Мшаԥымзазы Аԥсны аҿкчымазаразы аҭагылазаашьа ҭышәантәалеит, араионтә хәшәтәырҭақәа рыҟны аковид ҟәшақәеи Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭеи аркуп. Аха убри аан ПЦР- тестқәа рыҟаҵареи алаҵаҟаҵареи рзы аҟәшақәа аус руеит.