Ихадоу аԥыц ауп: ҟәланырхәатәи ашьхагәара

Ашьхымзааӡыҩцәа ашьхагәарақәа рҟны изаамҭанытәиу русурақәа ирылагоит мшаԥымзазы, ихдыркәшоит аԥхынра.
Sputnik
Ҭоурыхла Аԥсны ашьхааӡара реиҳа ирылаҵәаны иахьыҟаз ҭыԥқәоуп Мраҭашәаратәи Кавказ ашьхеибаркыраҿы зхы ыҵызхуа Бзыԥ аӡиас аиҩхаа, нас ашьхақыҭа Ԥсҳәы. Аԥсны ашьхааӡара шәышықәсала иаауа культуроуп. Ус ауп ишыҟоу иахьагьы.
Ҟәланырхәа ақыҭан инхо Раник Ақаҩба ашьхааӡара инапы алакуижьҭеи 35 шықәса иреиҳауп. Ицха аџьармыкьеи адәқьанқәеи рҟны ииҭиуеит, иара убас ашьхымзаҭрақәа ргыланы имоуп Ҳабҩы ақыҭан, уахь аԥхынра- лассы-лассы аԥсшьаҩцәа аҭаауеит.
Ақаҩба иажәақәа рыла, ашьха-ҭаацәарақәа шаҟа бзиа ибаны, гәыкала аус рыдуло аҟара даргьы аҽаҩра бзиа урҭоит.
Раԥхьатәи ацха иԥшуеит лаҵарамзазы, аҵыхәтәантәи-нанҳәамзазы. Бжьаратәла ашықәсан иоуеит 1200 кьыла ацха.
Аԥсны ацха ҟазҵо ашьхыц уникалтәуп - "абхазианка" ҳәа иашьҭоуп. Ари ашьхыц алеишәа бзиоуп, аусура иацәаашьаӡом, аха зегь ирыцку уи аԥыц ауп. Ԥшь-миллиметрак инаӡо уи аԥыц абзоурала абхазианка иалшоит егьырҭ ашьхақәа ахьзымнаӡо аҵиаақәа рҟны зегь реиҳа ихаау амати аҭгара. Ақаҩба агәра игоит, "абхазианка" инаҭо ацха акы иаламҩашьо агьама шамоу.
1 / 10

Уажәааны ҳтәылаҟны ашьхагәарақәа рҟны аусурақәа еилашуеит.

2 / 10

Ҟәланырхәа ақыҭан инхо Раник Ақаҩба 35 шықәса еиҳауп ашьхааӡара инапы алакуижьҭеи.

3 / 10

Ашьхагәарақәа рҟны ҭынч аусуразы ашьхақәа алҩақ рыладыршәшәоит.

4 / 10

Ашьха-ҭаацәарақәа шаҟа бзиа ибаны, гәыкала аус рыдуло аҟара даргьы аҽаҩра бзиа урҭоит.

5 / 10

Ашьхақәа рзы ибзиоуп ашьхымзаҭрақәа алҵлеи аҭәаҵлеи ианрылхәу.

6 / 10

Ашьхааӡаҩцәа раԥхьатәи ацха рыԥшуеит лаҵарамзазы, аҵыхәтәантәи-нанҳәамзазы.

7 / 10

Аԥсны ацха ҟазҵо здаҟам шьхыцуп - "абхазианка" ҳәа иашьҭоуп. Ари ашьхыц алеишәа бзиоуп, аусура иацәаашьаӡом, аха зегь ирыцку уи аԥыц ауп - ԥшь-миллиметрак инаӡоит.

8 / 10

Роник Ақаҩба бжьаратәла ашықәсан иоуеит 1200 литр ацха.

9 / 10

"Абхазианка" иҟанаҵо ацха акы иаламҩашьо агьама бзиоуп.

10 / 10

Ҟәланырхәа ақыҭа.