Аԥсны

Александр Анқәаб Гагра зыҩны блыз ауааԥсыра дырԥылеит

Абылра иахҟьаны ауадарацәа змаз аҩны лықәццышәаа ицеит, уаҟа инхоз ауаа хыҵакырҭада иаанхеит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 3 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб мчыбжьык аԥхьа Гагра иблыз аҩны инхоз аҭаацәарақәа идыикылеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аиҳабыра рсаит.

"Иазгәаҭан, аҭыԥантәи анапхгара хыҵакырҭада иаанхаз ауааԥсыра нхарҭала реиқәыршәаразы ирылшо зегьы шыҟарҵо, Аԥсны аиҳабыра рыҟны еиҿкаау аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы акомиссиа хара имгакәа амцакра иахҟьаны аԥхасҭа зауз ауааԥсыра аматериалтә цхыраара рыҭаразы иахәҭоу аӡбамҭа рыдыркылоит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Гагра Демерџь-иԥа имҩаду аҟны игылыз ауадарацәа змаз аҩны блит аҩаша мшаԥы 26 азы. Аӷәтәы ҩны шықәсқәак раԥхьа анхарҭазы ишәарҭаны ишьақәырӷәӷәан. Аха аҩны аҭагылазаашьа шбааԥсызгьы уаҟа 20-ҩык нхон.
Амцкраан аӡәгьы дҭамхаӡеит, аха ауааԥсыра ааха ӷәӷәа роуит, - ирымаз-ирыхӡыз зегьы иҩнаблит, аӡәырҩы адокументқәа рзалымгеит.
Гагра араион анапхгара амчала ааха зауз хә-ҭаацәарак аҭыԥантәи асасааирҭа иҩнарҵеит, ҭаацәарак ареспубликатә ареабилитациатә центр аҟны иҟоуп, егьырҭ аҭаацәарақәа рыуацәа ирыдыркылеит. Хыҵакырҭада иаанхаз аҭаацәарақәа рызҵаара аӡбра хьаас ирымоуп.