Ермантәыла аоппозициа Ереван амҩадуқәа ркит

Зықьҩыла аоппозициаа рмитинг мҩаԥысит лаҵара 1 азы, анаҩс атәылауаҩратә хымхәыцрахь ииасит. Еизаз атәыла рнапхгара рахҳәара дҵаны иқәдыргылон.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 3 - Sputnik. Ермантәыла аԥыза-министр Никола Пашиниан иҿагыло амчрақәа Ермантәыла аоппозициа Ереван амҩадуқәа ркит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Ермантәыла.
Апарламенттә блок "Айастан" аиҳабы Ишхан Сагателиан иажәақәа рыла, Ермантәыла аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥысуеит 20 рҟынӡа аҿагыларатә акциақәа.
Активистцәа ақалақь амҩа хадақәа руак – Комитас – адыркит, аиҳабыра рыԥхьатәаразы алозунгқәа шьҭырхит. Акциақәа мҩаԥысуеит атәыла егьырҭ араионқәа рҿгьы.
Аҭыԥантәи аамҭала асааҭ 10:00 рзы (9:00 москватәи аамҭа - аред), аполициа 70-ҩык акциа алахәылацәа ааныркылахьеит.
Ермантәыла акциақәа ирылагеит мшаԥы 25 азы. Лаҵара 1 азы аоппозициатә мчқәа рҽеидкыланы амитинг ахь инеины атәылауаҩратә ҳәатәхамҵара шымҩаԥырго атәы рҳәеит. Адемонстрантцәа амч рхы иамырхәо, азакәан иаҿагылан иқәымгыло аԥыза-министр Никола Пашиниан Ҟарабахтәи аимак азы аиҿцәажәарақәа рцашьаз иҳәамҭақәа ирхырҟьаны дықәҵыроуп ҳәа адҵа ҟарҵеит.
Ереван аоппозициатә митинг алахәылацәа 200-ҩык рҟынӡа аанкылоуп