Аилаҳара иаҿу аклассика: аихамҩатә аангыларҭа "Бзыԥҭа"

Аихамҩатә аангыларҭа "Бзыԥҭа" аартын иҳаҩсыз ашәышықәса 50-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭазы. Аԥсны аихамҩатә аангыларҭақәа реиҳарак реиԥш ари ахыбра ргылан аклассика астиль ала.
Sputnik
Асоветтә аамҭазы араҟа иаанҿасуан адәыӷбақәеи аелектричкақәеи. Аха, 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь аангыларҭа гәыгәҭажьхеит. Иахьазы аанҿасырҭа "Бзыԥҭа" адәыӷбақәа аҩсуеит. Аангыларҭаҟны усзуҩзаҵәык иоуп аус зуа, иара еиқәхаз ахыбра ахәҭаҟны уадак аҟны дыҩноуп. Ари ауада ада авокзал егьи ахәҭа зегьы гәыгәҭажьуп.
Аԥсны аихамҩа аргылара аҭоурых ахы акуеит Урыстәылатәи аимпериа Амшын еиқәа аҿықәантәи аихамҩа аԥҵара ианалага инаркны. 1860-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы Тҟәаԥс инаркны Аҟәанӡа Кавказ иаҵанакуа Амшын еиқәа аԥшаҳәаҿы амагистралтә еихамҩа аргыларазы ажәалагала ҟаҵан. Уи иабзоураны Кавказ аахыҵ иҟаз агуберниақәеи Урыстәылатәи аимпериа агәҭантәи арегионқәеи еимадахон. Аха Амшын еиқәатәи аихамҩа аргылара нап аркын 1914 шықәса рзы мацара. Адлерынтәи Аҟәанӡа акымкәа астанциақәеи аивысырҭақәеи, ацҳақәеи, атоннельқәеи рыргылара ргәы иҭан.
Аха ареволиуциеи аграждантә еибашьреи ирыхҟьаны ари аплан анагӡара рылымшеит. Адлер - Аҟәа аихамҩахәҭа аргылара ааныркылеит. Ҿыц аргылара хацыркызарц рыӡбеит 1923 шықәса рзы.
1 / 11

Аихамҩатә аангыларҭа "Бзыԥҭа" Аԥсны аихамҩа иаҵанакуеит.

2 / 11

Иара Гагреи Гәдоуҭеи раангыларҭақәа рыбжьара иҟоуп.

3 / 11

Ари аихамҩаангыларҭа аартын XX ашәышықәса 50-тәи ашықәсқәа рзы.

4 / 11

Уи Аԥсны аихамҩатә аангыларҭақәа реиҳарак ирзеиԥшу аклассикатә стиль ала иргылан.

5 / 11

Уаанӡа иара иахьӡын "Бзыԥ" - изыҽԥынгылоу аӡиас ахьӡала.

6 / 11

Асоветтә аамҭазы араҟа иаанҿасуан адәыӷбақәеи аелектричкақәеи, иара шәагаала усҟак ишдуумызгьы.

7 / 11

Зынӡа ара аплатформақәа ҩба роуп иҟоуп.

8 / 11

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь иара уаҩ аилаҳара иалагеит.

9 / 11

Иҷыдоу аҭӡы иадчаԥалаз арԥшӡагақәа џьара-џьара иадышәшәеит.

10 / 11

Иагьа ус иҟазаргьы, иара егьырҭ Аԥсны адәыӷбаангыларҭақәа раасҭа "Бзыԥҭа" еиҳа ибзианы еиқәхеит.

11 / 11

Аха уи аиҭашьақәыргыларазы ахарџь маҷымкәа иаҭахуп.