https://sputnik-abkhazia.info/20220504/1038961616.html
Аилаҳара иаҿу аклассика: аихамҩатә аангыларҭа "Бзыԥҭа"
Аилаҳара иаҿу аклассика: аихамҩатә аангыларҭа "Бзыԥҭа"
Sputnik Аҧсны
Аихамҩатә аангыларҭа "Бзыԥҭа" аартын иҳаҩсыз ашәышықәса 50-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭазы. Аԥсны аихамҩатә аангыларҭақәа реиҳарак реиԥш ари ахыбра ргылан аклассика... 04.05.2022, Sputnik Аҧсны
2022-05-04T19:10+0300
2022-05-04T19:10+0300
2022-05-04T19:21+0300
аԥсны
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/01/1033325246_0:160:3073:1888_1920x0_80_0_0_cf5ee50dedddaaf6e179d8f3bb64359f.jpg
Асоветтә аамҭазы араҟа иаанҿасуан адәыӷбақәеи аелектричкақәеи. Аха, 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь аангыларҭа гәыгәҭажьхеит. Иахьазы аанҿасырҭа "Бзыԥҭа" адәыӷбақәа аҩсуеит. Аангыларҭаҟны усзуҩзаҵәык иоуп аус зуа, иара еиқәхаз ахыбра ахәҭаҟны уадак аҟны дыҩноуп. Ари ауада ада авокзал егьи ахәҭа зегьы гәыгәҭажьуп.Аԥсны аихамҩа аргылара аҭоурых ахы акуеит Урыстәылатәи аимпериа Амшын еиқәа аҿықәантәи аихамҩа аԥҵара ианалага инаркны. 1860-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы Тҟәаԥс инаркны Аҟәанӡа Кавказ иаҵанакуа Амшын еиқәа аԥшаҳәаҿы амагистралтә еихамҩа аргыларазы ажәалагала ҟаҵан. Уи иабзоураны Кавказ аахыҵ иҟаз агуберниақәеи Урыстәылатәи аимпериа агәҭантәи арегионқәеи еимадахон. Аха Амшын еиқәатәи аихамҩа аргылара нап аркын 1914 шықәса рзы мацара. Адлерынтәи Аҟәанӡа акымкәа астанциақәеи аивысырҭақәеи, ацҳақәеи, атоннельқәеи рыргылара ргәы иҭан.Аха ареволиуциеи аграждантә еибашьреи ирыхҟьаны ари аплан анагӡара рылымшеит. Адлер - Аҟәа аихамҩахәҭа аргылара ааныркылеит. Ҿыц аргылара хацыркызарц рыӡбеит 1923 шықәса рзы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/01/1033325246_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_bb90475b3a944a241ce0ffd05f8bac1d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, аԥсны, афотосахьақәа
фото, аԥсны, афотосахьақәа
Аилаҳара иаҿу аклассика: аихамҩатә аангыларҭа "Бзыԥҭа"
19:10 04.05.2022 (ирҿыцуп: 19:21 04.05.2022) Аихамҩатә аангыларҭа "Бзыԥҭа" аартын иҳаҩсыз ашәышықәса 50-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭазы. Аԥсны аихамҩатә аангыларҭақәа реиҳарак реиԥш ари ахыбра ргылан аклассика астиль ала.
Асоветтә аамҭазы араҟа иаанҿасуан адәыӷбақәеи аелектричкақәеи. Аха, 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь аангыларҭа гәыгәҭажьхеит. Иахьазы аанҿасырҭа "Бзыԥҭа" адәыӷбақәа аҩсуеит. Аангыларҭаҟны усзуҩзаҵәык иоуп аус зуа, иара еиқәхаз ахыбра ахәҭаҟны уадак аҟны дыҩноуп. Ари ауада ада авокзал егьи ахәҭа зегьы гәыгәҭажьуп.
Аԥсны аихамҩа аргылара аҭоурых ахы акуеит Урыстәылатәи аимпериа Амшын еиқәа аҿықәантәи аихамҩа аԥҵара ианалага инаркны. 1860-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы Тҟәаԥс инаркны Аҟәанӡа Кавказ иаҵанакуа Амшын еиқәа аԥшаҳәаҿы амагистралтә еихамҩа аргыларазы ажәалагала ҟаҵан. Уи иабзоураны Кавказ аахыҵ иҟаз агуберниақәеи Урыстәылатәи аимпериа агәҭантәи арегионқәеи еимадахон. Аха Амшын еиқәатәи аихамҩа аргылара нап аркын 1914 шықәса рзы мацара. Адлерынтәи Аҟәанӡа акымкәа астанциақәеи аивысырҭақәеи, ацҳақәеи, атоннельқәеи рыргылара ргәы иҭан.
Аха ареволиуциеи аграждантә еибашьреи ирыхҟьаны ари аплан анагӡара рылымшеит. Адлер - Аҟәа аихамҩахәҭа аргылара ааныркылеит. Ҿыц аргылара хацыркызарц рыӡбеит 1923 шықәса рзы.

Аихамҩатә аангыларҭа "Бзыԥҭа" Аԥсны аихамҩа иаҵанакуеит.

Иара Гагреи Гәдоуҭеи раангыларҭақәа рыбжьара иҟоуп.

Ари аихамҩаангыларҭа аартын XX ашәышықәса 50-тәи ашықәсқәа рзы.

Уи Аԥсны аихамҩатә аангыларҭақәа реиҳарак ирзеиԥшу аклассикатә стиль ала иргылан.

Уаанӡа иара иахьӡын "Бзыԥ" - изыҽԥынгылоу аӡиас ахьӡала.

Асоветтә аамҭазы араҟа иаанҿасуан адәыӷбақәеи аелектричкақәеи, иара шәагаала усҟак ишдуумызгьы.

Зынӡа ара аплатформақәа ҩба роуп иҟоуп.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь иара уаҩ аилаҳара иалагеит.

Иҷыдоу аҭӡы иадчаԥалаз арԥшӡагақәа џьара-џьара иадышәшәеит.

Иагьа ус иҟазаргьы, иара егьырҭ Аԥсны адәыӷбаангыларҭақәа раасҭа "Бзыԥҭа" еиҳа ибзианы еиқәхеит.

Аха уи аиҭашьақәыргыларазы ахарџь маҷымкәа иаҭахуп.