АҞӘА, лаҵара 4 – Sputnik. Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит асааҭ 00:00 - 18:00 рзы лаҵарамза 5 аҽны, абри атәы аанацҳауеит аунитартә наплакы "Аӡыршьҭра".
Ӡыда иаанхоит: Аваинахцәа, Ԥачлиа, Ԥлиа, Гочуа рымҩақәа, иара убас Семерџьиев амҩа ахәҭак, Ҭраԥшьи Ажәытә ҳаблеи рымҩақәа аладатәи рыхәҭа.
Аӡы аанкылахоит Аваинахцәа рымҩаҟны аӡымҩангагатә цәаҳәақәа реиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьыҟало азы.