Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кара-Осман-оӷлы ахәыҷқәа аԥсадгьыл абзиабара рылааӡара иазкны

Ахәыҷқәа аԥсадгьыл абзиабара рылааӡара, абызшәа агәыбылра дыркра атәы далацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны Џьгьардатәи абжьаратә школ аҟны акыр шықәса директорс аус зуа Омер Кара-Осман-оӷлы.
Sputnik
Џьгьардатәи абжьаратә школ аиҳабы иазгәеиҭеит аԥсадгьыл абзиабара ишацу абызшәа агәыбылра, уи ала ацәажәара. Иара гәалсрала иазгәеиҭеит ақыҭа школахь аҵара аҵаразы зшьаҿа еихызгаз 12-ҩык ахәыҷқәа рҟынтәи ҵыԥх аӡәгьы ихатәы бызшәала дшымцәажәоз. Иазгәеиҭеит ахәыҷы аҵара ирҵара анаҩс арҵаҩы ишиҭакԥхықәроу уи аԥсадгьыл абзиабара илааӡара.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.