АҞӘА, лаҵара 4 - Sputnik. Урыстәыла АМ абџьар зламҩаныргоз Украина ахаратә еихамҩатә станциа маҷқәа фба ааха рырҭеит. Арҭ астанциа маҷқәа рҟынтәи акәын украинатәи аруаа рзы Донбассҟа ЕАА-и Европеи рҟынтәи абџьари аџьаԥҳани зланарышьҭуаз ҳәа иҳәеит Атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак, аинрал-маиор Игор Конашенков.
"Ахара ихысуа абџьархк ала ааха рыҭоуп Донбасс игылоу украинатәи аруаа Америкеи Европа атәылақәеи рҟынтәи иаашьҭыз абџьари аџьаԥҳани ахьынтәроуаз Подоборцы, Львов, Воловец, Тимково, Пиатихатка рраионқәа рҿы иҟаз афымцамчстанциа маҷқәа", - иҳәеит Конашенков абрифинг аҿы.
Урыстәыла аракетатә ар иара убасгьы иҭадырхеит аӷа ири итехникеи ргыларҭақәа ԥшьба, акомандаҟаҵаратә ҭыԥқәа ҩба, "Град" абатареиа, "Гвоздика" абатареиа, агаубицақәа рбатареиа иҳәеит Конашенков.
"Аракетатә ар иҭадырхеит УАМ акомандаҟаҵарҭақәа 2, ареактивтә система БМ-21 "Град" абатареиа, зхала иныҟәо артиллериатә шьақәгыла 2С1 "Гвоздика" абатареиа, агаубицақәа Д-30 абатареиа, ари арратә техникеи ргылараҭқәа 4", - иҳәеит Конашенков.
Арратә авиациа уахык ала иҭадырхеит 40 арратә обиект.
Украина арратә операциа иалагазар иҭархоуп атанкқәеи акәылӡтәы машьынақәеи 2807, ареактив-систематә шьақәгылақәа 321, адәынтәи артиллериатә бџьари аминаршәгақәеи 1279 иара убасгьы 2609 ак автомобилтә техника.