Аԥсны

Аҟәа аҿкчымазаратә хәшәтәырҭаҿы ҩ-палата ҷыдак аартуп ахьҭалаларақәа змоу ахәыҷқәа рзы

Агәабзиарахьчара аминистр идҵала, мшаԥы 26 рзы иаркын аковид ҟәша Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭаҿы, иара убасгьы Гагра, Очамчыра, Тҟәарчал араионқәа рыхәшәтәырҭақәа рҿгьы аковид ҟәшақәа аркуп.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 5 - Sputnik. Аҟәа аҿкчымазаратә хәшәтәырҭаҿы иҷыдоу ҩ-палатак аартуп аԥсыԥлагаҩагаратә чмазарақәа змоу ахәыҷқәа рзы ҳәа аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Аминистр Едуард Быҭәба аминистрра аҟазауааи Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭа анапхгареи алархәны имҩаԥигаз аилацәажәараҿ ахәшәтәырҭа ԥхьаҟатәи аусура дазааҭгылеит.
Аминистр Едуард Быҭәба аминистрра аҟазауааи Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭа анапхгареи алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит.
Апалата ҷыдақәа раартраз аӡбара рыдыркылеит Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭа ауадаҩрақәа дырԥсыҽырц.
Арҳәарах-ҿкыра змоу ахәыҷқәа ахәыҷтәы хәшәтәырҭахь ирыдыркылоит.