АҞӘА, лаҵара 5 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Афонҿыцтәи аҳаԥы аазыртыз Гиви Смыр иира амш иадҳәалоу жәлар рырҿиамҭақәа рџьармыкьа раԥхьаӡа акәны имҩаԥгахоит Афон Ҿыц ақалақь аҿы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Гиви Смыр ихьӡ зху акультуратә центр анапхгаҩы Жаклин Чачибаиаԥҳа.
Аџьармыкьа иалахәхоит 70-ҩык рҟынӡа аҟазауаа – ажьиҩцәа, абџьарҟаҵаҩцәа, амҿлых, ацәа, аиха, асаркьалых аус рыдызуыло, асахьаҭыхыҩцәа.
"Гиви ахаангьы игәы азыҳәон арҿиареи аҟазареи знапы алаку ауаа ахьеизаша аҭыԥ аиҿкаара. Акультуратә центр аԥҵара нап алеикит аха дахьымӡеит. Убри азоуп ҳара ари ахшыҩҵак зҳазцәырҵыз", - еиҭалҳәеит Чачибаиаԥҳа.
Аџьармыкьа иаҭаауа алшара рымоуп ахьиратә лыхымҭақәа, иԥоу аалыҵ, акьанџьақәа, анышәаԥшьлых уҳәа раахәара.
Акыцлыхҟаҵара, ақәҵара, асаркьарчра, ахыци ахәымпали рыла ахысразы аҟазаратә-классқәа мҩаԥгахоит.
Аџьармыкьа мҩаԥгахоит лаҵара 8, 9 рзы Гиви Смыр ихьӡ зху акультуратә центр аҿы асааҭ 11:00 - 18:00 рҟынӡа.