Аԥсны

Афонд "Ашана" Sputnik Аԥсны шықәсырацәалатәи аинформациатә дгыларазы адиплом анаршьеит

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" жәашықәсатәи аусура еихнашьаалеит аԥшьаша лаҵара 5 азы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Афонд "Ашана" Sputnik Аԥсны шықәсырацәалатәи аинформациатә дгыларазы адиплом анаршьеит.
Sputnik апресс-центр анапхгаҩы Инал Лазба адиплом ианалшьеит афонд ахылаԥшра знауа Аслана Џьынџьолиа.

"Sputnik Аԥсны аусура раԥхьатәи амш инаркны акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" инанагӡо апроектқәа зегьы адгылара анаҭоит, абар уажәшьҭа аа-шықәса ҵуеит. Сынтәа ихацыркын апроект ҷыда "Ақьиара алҵшәақәа" ара еиҭаҳҳәоит афонд ацхыраарала згәабзиара шьақәзыргылаз ахәыҷқәа рҭоурыхқәа. Ҳара ажурналистцәа иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит иаҳаҩуа аҭоурыхқәа ҳаԥхьаҩцәа ргәаҵанӡа инеирц, аус бзиақәа рылахәхара ргәаԥхарц", - иҳәеит Инал Лазба.

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" жәашықәса рыҩнуҵҟатәи русура аихшьаала ҟарҵеит. Агәыҳалалратә фонд аусура аиҳарак азырхоуп Аԥсны инхо ахәыҷқәа ачымазцәа Урыстәылеи аҳәаанырцәи иреиӷьу ахәшәтәырҭақәа рҿы рыхәшәтәра.
Аԥсны
Ақьиара амҩала: агәыҳалалратә фонд "Ашана" апроект ҿыц ахықәкы иалацәажәеит