АҞӘА, лаҵара 5 – Sputnik. Акциа "Аԥсны ԥсра зқәым архәҭа онлаин" хацыркхеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу аурыс уаԥшь.
Онлаин-акциа азкуп 1941-1945 шықәсқәа раантәи Аибашьра ду аҿы Аиааира 77-шықәса ахыҵра.
Изҭаху зегьы апроект рхы аладырхәыр рылшоит.
"Аԥсны ԥсра зқәым архәҭа онлаин" агәыԥ аус руеит аинтернет-портал "Аԥсны агәалашәара ашәҟәы" онлаин-акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны. Лаҵара 5 азтәи адыррала 1 000-ҩык алахәылацәа амоуп, аиҳарак Урыстәылеи Аԥсни ртәылауаа.
Апроект "Аԥсны агәалашәара ашәҟәы" хықәкыс иамоуп 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьреи рлахәылацәа рыӡбахә аҳәара.
Апроект "Аԥсны агәалашәара ашәҟәы" аԥҵан "Аԥсны аурыс уаԥшь", "Аԥсны иҟоу Амшынеиқәатәи аказақцәа рыр", "Аԥсны аказақцәеи аибашьра иалахәыз аказақцәа-аветеранцәеи Реидгыла", Аԥсни, Урыстәылеи, ДЖәРИ, ЛЖәРи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырҿиаразы Афонд "Отечество" раԥшьгаралеи, Аԥсны Атәылахьчара аминистрреи, В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша аҳәынҭқарратә музеи Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакреи, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи рыдгыларалеи.
1941-1945 шықәсқәа раантәи Аибашьра ду аҿы Аиааира 77-шықәса ахыҵра аламҭалаз Аԥсны иҟоу аурыс уаԥшь асаит аҿы икьыԥхьуп "Аԥсны афырхацәа. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду" ашәҟәы аудиоверсиа.
Аудиошәҟәы аҿы 1941-1945 шықәсқәа раантәи Аибашьра ду иалахәыз Аԥсны атәылауаа рыӡбахә еиҭаҳәоуп.
Раԥхьа иргыланы иара еиҵагыло абиԥарақәа ирзырхоуп.
Ашәҟәы онлаин азыӡырҩра алшоит Аурыс уаԥшь асоциалтә ҳақәа рыҿтәи аофициалтә даҟьақәа рҿы.
Урыстәыла асоциалтә программақәа рыдгылара Амилаҭтә фонд аудиошәҟәы аиқәыршәараан Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра архив аматериалқәа аус рыднауылеит.
Аибашьра ду аан ҳџьынџьуаа зықьҩыла амцашыра иалагылан. Аибашьра ицаз 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи рҟынтәи 17 нызқьҩык инареиҳаны рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ы Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит. Хҩык Аԥсны ауааԥсыра Ахьӡ-аԥша аорден акавалер нагӡацәа ҳәа ахьӡ иаԥсоуп.