Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" Аԥсны лаҵара 9 рзы имҩаԥгахоит

© Sputnik / Асмат Цвижба Акция "Бессмертный полк" прошла в Сухуме
Акция Бессмертный полк прошла в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.04.2022
Анапаҵаҩра
Раԥхьаӡа акәны Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ргәалашәара ахьӡала акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" мҩаԥысит цәыббра 30, 2016 шықәсазы. Усҟан уи рхы аладырхәит ҩ-нызқьи бжаки ауааԥсыра.
АҞӘА, мшаԥы 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" Аԥсны лаҵара 9 рзы имҩаԥгахоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Аурыс ҩны" ахаҭарнак Евгени Павлов.

"2020 шықәсазы акциа онлаин формат ала имҩаԥысит. Ҵыԥх ақәаршҩы рхьыҵәҵәо ауаа Ахақәиҭра ашҭахь инеит. Анаҩс амшын аԥшаҳәа ианысны 1941-1945 шықәсқәа рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы иҭахаз ргәалашәараз Идырым асолдаҭ ибаҟахьы инеит", - иҳәеит иара.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан игаз Аиааира амш аҽны, лаҵара 9 рзы Аԥсны традициак аҳасаб ала Аҟәа, Гәдоуҭа, Тҟәарчал, Очамчыра, Гагра имҩаԥысуеит "Ԥсра зқәым архәҭа" акциа. Аиҿкааҩцәа - Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара ахьӡ-аԥша Аҳәынҭқарратә амузеи, адгылара арҭоит Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭеи араионқәа рхадарақәеи.
"Ацхыраара ду ҳнаҭоит аилахәыра "А-Мобаил". Дарбанзаалак акциа зҽалазырхәыр зҭаху иҳазнеигоит аибашьра иалахәылаз иуа ипатреҭ (Дбар имҩ., 3 – азгә.). аилахәыра "А-Мобаил" ацхыраарала уи ахкьыԥхьаа ҟаҳҵоит, акциа иазҳархиоит", - иҳәеит Павлов.
Аибашьра Ду алахәылацәа рфотосахьақәа иара убасгьы инаушьҭыр ауеит аелектронтә ԥошьҭахь: priglasitelnie_digraphic@mail.ru.
Подготовка к параду в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2022
Аԥсны
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аррамаҵзурауаа Аиааира апарад рҽазыҟарҵоит
Аҟәа акциа мҩаԥгахоит ҵыԥхтәи амаршрут ала: Ахақәиҭра ашҭа – Идырым асолдаҭ ибаҟа.
"Макьаназ ақалақь ахадареи ҳареи ҳаиламцәажәацт, аха агәра згоит уи шакәхо амаршрут. Ҳара еснагь Аԥсны ААР аусзуҩцәа ҳамҩаԥыргоит, автоныҟәара ааныркылоит. Аамҭа ақалақь ахадареи ҳареи ҳаиқәшаҳаҭны ишьақәҳаргылоит", - иҳәеит Евгени Павлов.
Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" Аԥсны есышықәса имҩаԥысуеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира амшныҳәа инақәыршәаны. Раԥхьаӡа акәны акциа мҩаԥган 2012 шықәса рзы Томск аҭыԥантәи ажурналистцәа раԥшьгарала. Усҟан ф-нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра ақалақь амҩа хадахь икылсит Аибашьра Ду алахәылацәа рфотосахьақәа рыманы.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ргәалашәара ахьӡала раԥхьаӡа акәны акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" мҩаԥысит цәыббра 30, 2016 шықәсазы. Усҟан уи рхы аладырхәит ҩ-нызқьи бжаки ауааԥсыра.
Ажәабжьқәа зегьы
0