Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла АМ аоперациа ҷыда иалагазар украинатәи аибашьыга ҳаирпланқәа 146 ҭадырхахьеит

Урыстәыла аракетатә ар иҭадырхеит ари атехникеи реилагыларҭа ҭыԥқәа 83, иҭархоуп РСЗО БМ-21 "Град" абатареиа.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 5 - Sputnik. Урыстәыла ар аоперациа ҷыда иалагазар украинатәи аибашьыга ҳаирпланқәа 146, аԥырҩы дызҭам аппаратқәа 700 ҭадырхахьеит иҳәеит Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак ҷыда, аинрал-маиор Игор Конашенков.

"Арратә операциа ҷыда иалагазар: украинатәи аибашьыга ҳаирпланқәа 146, аԥырҩы дызҭам аппаратқәа 712, авертолиотқәа 112, азенит-ракетатә комплексқәа 287, атанкқәеи акәылӡмашьынақәеи 2817 ҭадырхахьеит", - иҳәеит иара.

Урҭ рыдагьы иҭархоуп 323 РСЗО, артиллериатә бџьари аминаршәгақәеи 1292, 2624 ак автомашьынатә техника ҷыдеи.