Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла аракетатә ар акомплекс "Точка-У" аҭырҟьага шьақәгылақәа ҭадырхеит

Урыстәыла жәабран 24 азы Украина арратә операциа иалагеит. Владимир Путин иара иахықәку аашықәса раахыс агеноцид зхызго ауаа киевтәи арежим рацәыхьчароуп ҳәа азгәеиҭеит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 5 - Sputnik. Урыстәыла аракетатә ар акомплекс "Точка-У" аҭырҟьага шьақәгылақәа ҩбеи акомплекс "Точка-У" атранспорт-хеиҵаҵага машьынеи ҭадырхеит, иара убасгьы иҭадырхеит артиллериатә батареиа ҳәа иҳәеит Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак ҷыда, аинрал-маиор Игор Конашенков.
"Уахык аҩнуҵҟала аракетатә ар УАМ акомандаҟаҵаратә ҭыԥқәа ҩба, артиллериатә батареиа, акомплекс "Точка-У" аҭырҟьага шьақәгылақәа ҩбеи акомплекс "Точка-У" атранспорт-хеиҵаҵага машьынеи ҭадырхеит", - иҳәеит Конашенков абрифинг аҿы.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит урыстәылатәи аҳауахьчагақәа Украина АМ рҳаирпланқәа хԥа карыжьит ҳәа, Су-24 назлоу. Уахык ала иҭархан 32 украинатә напхгараҭаратә ҭыԥ, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа 5, 600-ҩык амилаҭеилыхыҩцәа, 61 ак арратә техника.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла АМ аоперациа ҷыда иалагазар украинатәи аибашьыга ҳаирпланқәа 146 ҭадырхахьеит
Аоперациа ҷыда иалагазар иҭархоуп 150 ҳаирплан, 112 вертолиот, 726 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа.