АҞӘА, лаҵара 6 – Sputnik. Аԥснытәи ашәаҳәаҩцәа Артур Лакрба, Мана, Дмитри Ԥиԥиа лаҵара 9 аҽны Москва "Ԥсра зқәым архәҭа" жәларбжьаратәи асценаҿ иқәгылоит. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит ашәаҳәаҩ, акомпозитор, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Артур Лакрбеи ашәаҳәаҩ Манеи (Манана Братухина).
Аконцерт аҿы инарыгӡо ԥшьашәак аҟынтәи акы ԥсышәала инагӡахоит.
Артур Лакрба иҳәеит "Ԥсра зқәым архәҭа" жәларбжьаратәи асценаҿ ақәгылара шҳаҭыр дуу, абри алшараз ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аԥсны иҟоу Россотруничество ахаҭарнакра анапхгаҩ ихаҭыԥуаҩ Евгени Павлов.
Ашәаҳәаҩ Мана аконцерт аламҭалазтәи лцәаныррақәа дрылацәажәо илҳәеит, апрект аҿы Аԥсны ахьӡала ақәгылара агәышьҭыхра ду шылнаҭо.
"Раԥхьатәи жәларбжьаратәи аконцерт аҿы ҳаԥсадгьыл ахьӡала ақәгылара ҭакԥхықәра дуӡӡоуп. Агәрагара ду ҳамоуп аконцерт даара ишьахәу, ибзиаӡоу акы ишалагамҭоу", - ҳәа лҳәеит лара.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду Аиааира амш аҽны Москва раԥхьаӡа акәны иаатуеит "Ԥсра зқәым архәҭа" жәларбжьаратәи асцена. Аконцерттә программа алахәхаразы уахь инаԥхьоуп урыстәылатәи ашәаҳәаҩцәа, амузыкантцәа, арҿиаратә коллективқәа адунеи атәылақәа 61 рҟынтәи.
СССР жәлар рартист Васили Лановои иоуп раԥхьаӡа адунеи атәылақәа рҟынтә арҿиаратә делегациақәа Аиааира амшныҳәаз Москва еизарц ааԥхьара ҟазҵаз 2020 шықәсазы, Аиааира 75-шықәса ахыҵраан. Аха усҟан ари ауснагӡатә COVID-19 апандемиа аԥырхагахеит.