Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи ашәаҳәаҩцәа Москва "Ԥсра зқәым архәҭа" жәларбжьаратәи асценаҿ иқәгылоит

© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКонцерт в рамках проекта "Международная сцена Бессмертного полка"
Концерт в рамках проекта Международная сцена Бессмертного полка - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.05.2022
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду Аиааира амш аҽны Москва раԥхьаӡа акәны иаатуеит "Ԥсра зқәым архәҭа" жәларбжьаратәи асцена.
АҞӘА, лаҵара 6 – Sputnik. Аԥснытәи ашәаҳәаҩцәа Артур Лакрба, Мана, Дмитри Ԥиԥиа лаҵара 9 аҽны Москва "Ԥсра зқәым архәҭа" жәларбжьаратәи асценаҿ иқәгылоит. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит ашәаҳәаҩ, акомпозитор, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Артур Лакрбеи ашәаҳәаҩ Манеи (Манана Братухина).
Аконцерт аҿы инарыгӡо ԥшьашәак аҟынтәи акы ԥсышәала инагӡахоит.
Артур Лакрба иҳәеит "Ԥсра зқәым архәҭа" жәларбжьаратәи асценаҿ ақәгылара шҳаҭыр дуу, абри алшараз ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аԥсны иҟоу Россотруничество ахаҭарнакра анапхгаҩ ихаҭыԥуаҩ Евгени Павлов.
Ашәаҳәаҩ Мана аконцерт аламҭалазтәи лцәаныррақәа дрылацәажәо илҳәеит, апрект аҿы Аԥсны ахьӡала ақәгылара агәышьҭыхра ду шылнаҭо.
"Раԥхьатәи жәларбжьаратәи аконцерт аҿы ҳаԥсадгьыл ахьӡала ақәгылара ҭакԥхықәра дуӡӡоуп. Агәрагара ду ҳамоуп аконцерт даара ишьахәу, ибзиаӡоу акы ишалагамҭоу", - ҳәа лҳәеит лара.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду Аиааира амш аҽны Москва раԥхьаӡа акәны иаатуеит "Ԥсра зқәым архәҭа" жәларбжьаратәи асцена. Аконцерттә программа алахәхаразы уахь инаԥхьоуп урыстәылатәи ашәаҳәаҩцәа, амузыкантцәа, арҿиаратә коллективқәа адунеи атәылақәа 61 рҟынтәи.
Акция Бессмертный полк в городах России - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2022
Аԥсны
Акциа "Аԥсны ԥсра зқәым архәҭа онлаин" хацыркхеит
СССР жәлар рартист Васили Лановои иоуп раԥхьаӡа адунеи атәылақәа рҟынтә арҿиаратә делегациақәа Аиааира амшныҳәаз Москва еизарц ааԥхьара ҟазҵаз 2020 шықәсазы, Аиааира 75-шықәса ахыҵраан. Аха усҟан ари ауснагӡатә COVID-19 апандемиа аԥырхагахеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0