Аполитикатә партиа "Амцахара" аусура аҽшеиҭанакуеи раԥхьаҟатәи рыгәҭакқәеи ртәы иазааҭгылеит имҩаԥыргаз абрифинг аҟны лаҵарамза 6 рзы. "Амцахара" анапхгаҩы, Аԥсны Афырхаҵа Лиосик Цыгәба дазааҭгылеит аполитикатә партиа аҭоурыхи, арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны имҩаԥнагаз аусқәеи. Аполитикатә партиа "Амцахара" апрезидиум алахәыла Авҭандил Сурманиӡе иажәақәа рыла, "Амцахареи" Урыстәылазегьтәи аполитикатә партиа "Иаку Урыстәылеи" аусеицуразы аицәажәарақәа ирылагеит. Сурманиӡе иазгәеиҭеит уи азы аиҿцәажәарақәа ишырҿу. "Ҳпартиа аус ҳарӷәӷәарц ауп", - иҳәеит Сурманиӡе.
Абрифинг ахыркәшамҭаз ирылаҳәан аполитикатә партиа "Амцахара" анҭыҵтәи аимадарақәа рзы дшышьақәырӷәӷәоу Дауҭ Ақаҩба.
Аполитикатә партиа "Амцахара еиҿкаан 1999 шықәсазы.