Аԥсны

77-тәи Аиааира Ду амш иаԥылоит 14-ҩык аҟәатәи аветеранцәа

Аиааира Ду 77 шықәса ахыҵра аламҭалазы Аҟәа ақалақь ахадара аҳҭнықалақь аҟны инхо аветеранцәа зегьы ирҭааны ирыдырныҳәалеит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 7 - Sputnik. Аҟәа инхоит 14-ҩык Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа ҳәа аанацҳауеит Аҳҭнықалақь ахадара асаит.
Адамиди Нико Гьаргь-иԥа,
Артиух Филипп Иван-иԥа,
Водзинскаиа Елена Тимофеи-иԥҳа,
Глускер Мариа Захар-иԥҳа,
Дорофеева Нонна Иван-иԥҳа,
Касланӡиа Гьаргь Михаил-иԥа,
Кәыҵниа Габруша Кәҷыр-иԥа,
Лашәриа Алықьса Еқәыԥ-иԥа,
Панасенко Анна Николаи-иԥҳа,
Ԥлиа Иван Ҷыҷыкәа-иԥа,
Стрижаков Иван Дмитри-иԥа,
Шаров Георги Пиотр-иԥа,
Шьониа Алықьса Иосиф-иԥа,
Шульгина Валентина Ефим-иԥҳа.
Аиааира Ду амш аламҭалаз аҳҭнықалақь ахадара аветеранцәа зегьы аҳамҭақәа рырҭеит. Аҟәа ахада Беслан Ешбеи уи ихаҭыԥуаа Авҭандил Сурманиӡеи, Леон Кәарҷиеи, Асҭамыр Ашәбеи аветеранцәа ирҭааны аныҳәамш рыдырныҳәалеит, рызегьы ашәҭқәеи аԥаратә ҳамҭақәеи рырҭеит.
Аԥсны иахьазы инхоит 20-ҩык Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа. Лаҵара 9 аҳаҭыр азы дара зегьы атәыла анапхгараҟынтәи 50-50 нызқь мааҭ аԥареи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи ранаршьеит.