Акультура аминистрраҟны имҩаԥысит аминистр Даур Ақаҩба, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу, Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба, Б. Шьынқәба иҩны-амузеи аиҳабы Роберт Џьонуа злахәыз аиԥылара. Уи аҟны ирылацәажәеит Б. Шьынқәба ихьӡ зху I Жәларбжьаратәи аԥхьарақәа реиҿкаара азҵаара. Аконференциа азкуп Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба диижьҭеи сынтәа 105 шықәса аҵра.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба - Аԥсны жәлар рпоет, Ҟабарда-Балкариеи Адыгатәылеи Жәлар рышәҟәыҩҩы, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, аҵарауаҩ-абызшәаҭҵааҩы, афольклорист, аиҭагаҩ, Асоциалисттә џьа Афырхаҵа, еицырдыруа аҳәынҭқарратә усзуҩы, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу.