Аԥсны

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Владимир Делба аветеран Алықьса Шьониа Аиааира Ду амш идиныҳәалеит

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны инхоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа 20-ҩык, урҭ рахьтә 14-ҩык Аҟәа инхоит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 7 - Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира Ду амш 77 шықәса ахыҵра аламҭалаз Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба аветеран Алықьса Шьониа аныҳәамш идиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит Афинансқәа рминистрра асаит.
"Атәыла анапхгара ахьӡалеи сара хаҭалеи Аиааира Ду амш шәыдсныҳәалоит! Лаҵара 9 – абиԥарақәа жәпакы рзы афырхаҵара ду иасимволхаз, Аԥсадгьыл абзиабареи ажәлар ракзаареи ирдыргахаз мшхеит", - Делба.
Иара иазгәеиҭеит Аиааира ду иазку агәалашәара еиҵагыло аҿар рзы агәымшәареи афырхаҵареи ишҿырԥшыгахо.
Аветеран Алықьса Шьониа 98 шықәс. Аибашьра ишалагаз аниаҳа, иара афронт ахь дцеит. 1942 шықәса рзы иала далахәын Донбасс, Ҟрым, Керч, Ростов рхақәиҭтәра. Киев ахақәиҭтәраан ӷәӷәала дхәын. Иҽыхәшәтәны, Уралтәи арратә округ иҷыдоу архәҭа маӡа далалеит, аха имаз ахәрақәа ирыхҟьаны уи иеибашьратә мҩа изацымҵеит. 1944 шықәса рзы иара Аԥсныҟа дхынҳәит. Ара 50 шықәса инарзынаԥшуа Тҟәарчалтәи ашахтаҿы. Иахьатәи аамҭазы Алықьса Шьониа напхгара аиҭоит 1941-1945 шш. рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду Аветеранцәа рхеилак.
Аԥсны
77-тәи Аиааира Ду амш иаԥылоит 14-ҩык аҟәатәи аветеранцәа