Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа заанаҵтәи рылҵшәақәа рыларҳәеит

Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иадхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысит амҽыша лаҵара 8 рзы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур аан алхратә биуллетенқәа 18% ангәарҭа ашьҭахь еилкаахеит аиааира дшаҿу Алан Гаглоев, абри атәы аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла, АКХ ахантәаҩы Емилиа Гагиева лажәақәа шьаҭас иганы.
Нагиева иазгәалҭеит иахьатәи ахада Анатоли Бибилов изы 2274-ҩык рыбжьы шарҭаз, уи 37% процент артәоит игәаҭаз абиуллетенқәа рахьтә. Гаглоев изы рыбжьы арҭеит 3686-ҩык - уи 59,2% процент артәоит игәаҭаз абиуллетенқәа рахьтә. 236-ҩык зегь ирҿагыланы рыбжьы арҭеит.
Убри аан, АКХ ахаҭарнакцәа ражәақәа рыла, аинформациатә пресс-центр уахала аусура хнаркәшоит.
Анатоли Бибилов иакәзар, ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур аҿы дшаҵахаз азхеиҵеит.