Аԥсны

Валентина Шульгина: Бандера ишьҭрақәлаҩцәа зегь ықәхтәуп

Валентина Шульгина лыда Сталинградтәи ажәылара иалахәыз аӡәгьы дынхом Аԥсны.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. Бандера ишьҭрақәлаҩцәа зегь ықәхтәуп, мамзар урҭ ауаа рыҽрыладырӡуеит, русгьы иацырҵоит, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ашьҭахь ишыҟалаз еиԥш лҳәеит аветеран Валентина Шульгина, РИА Новости аинтервиу аналҭоз.
Аҟәа инхо Сталинградтәи ажәылара иалахәыз аветеран сынтәа 100 шықәса лхыҵит.

"Урҭ (Бандера ишьҭрақәлаҩцәа - аред.) зегь ҭархатәын. Уажәгьы иҭархатәуп. Аха иқәырхуа џьышәшьо? Иоурышьҭуеит, нас дара ауаа рыҽрыладырӡуеит, аха еиҭах рус иацырҵоит", - лҳәеит лара.

Лара лгәаанагарала, Украина анацизм аҿиара иахьалагаз зхароу асовет еиҳабыра иҟарҵаз агхоуп, ианаамҭаз урҭ ахьықәрымхыз азы уажәы аҭагылазаашьа абранӡа иааит.
"Урҭ ҭадмырхаӡеит - иоурышьҭит, еимдырпит. Уажәшьҭа еилыркааит ҩаԥхьа урҭ рықәхра аус ишалагатәу. Дара Асовет Еидгыла зегьы иԥсаҟьаны иалан, Украина иахьабалак ирҭаху ҟарҵо игәароуп", - лҳәеит аветеран.
Валентина Шульгина – Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран, лара лыда Сталинградтәи ажәылара иалахәыз Аԥсны аӡәгьы дынхом. Лара Аеҵәа Ҟаԥшь аорденқәа ҩба дыркавалеруп, Курсктәи ажәылара дахьалахәыз азы "Агәымшәаразы" амедаль ланашьоуп.