Аԥсны

"Алаӷырӡ зцу агәырӷьара": Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иаатит аибашьра атемала ацәыргақәҵа

Ацәыргақәҵатә зал хадеи "Москва аҩныи" еицеиҿыркааз ацәыргақәҵа аартызаауеит лаҵара 20 рҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 9 – Sputnik. Ацәыргақәҵа "Аиааира Амш! Алаӷырц зцу агәырӷьара" аатит ацәыргақәҵатә зал хадаҟны лаҵара 9 азы.
Ацәыргақәҵаҟны ицәыргоуп Аԥсны Асахьаҭыхымҭақәа рмилаҭтә галереиа афонд аҟынтәи, аибашьра атемала асахьақәа. Аҭааҩцәа ирбар рылшоит Гьаргь Гәлиа, Сергеи Габелиа, Заур Мықәба, Тариел Амԥар, Нугәзар Логәуа, Руслан Чхамалиа русумҭақәа.
1 / 5

Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иаатит аибашьра атемала ацәыргақәҵа

2 / 5

Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иаатит аибашьра атемала ацәыргақәҵа

3 / 5

Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иаатит аибашьра атемала ацәыргақәҵа

4 / 5

Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иаатит аибашьра атемала ацәыргақәҵа

5 / 5

Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иаатит аибашьра атемала ацәыргақәҵа

Аиҿкааҩцәа азҿлымҳара ҷыда арҭеит раԥхьатәи аԥсуа ԥырҩы, Аџьынџьтәылатә еибашьра афронтқәа рыҟны еибашьуаз Мери Аҩӡԥҳа лсахьа. Апортрет сахьаҭыхыҩ Сегаль Осиа 1938 шықәсазтәи иусумҭа.
"Ҳәарада, ацәыргақәҵа ахьӡ еиҭанаҳәоит изызку - аиааира еснагь ари гәырӷьароуп, иахьатәи амш ҳара ҳзын иааигәазтәыз мҩоуп", - ҳәа азгәалҭеит Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥа.
Ацәыргақәҵа даҭааит Аԥсны Жәлар рпоет, Ашәҟәыҩҩцәа рссоциациа аиҳабы Мушьни Лашәриа. Иара еиҭеиҳәеит, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду дшалахәыз иашьеиҳабы Даҭикәа Лашәриа, иара дԥырҩын. 1944 шықәсазы дҭахоит Ленинград амҵан, уаҟагьы джуп.
"Ари аҩыза алахьынҵа ианиеит миллионҩыла ауаа. Уажәы аҭоурых аиҭакра аиҭаҩра иашьҭоуп. Аха иҟаз ыҟан. Иҭахаз хашҭра рықәым. Иҭабуп, афырхацәа ахьшәхамшҭуа", - иҳәеит иара.
Ацәыргақәҵа еиҿыркааит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгылеи, "Москва аҩныи" Москва Аиҳабыра иҟарҵаз афинанстә цхыраарала.
Аԥсны
Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы аныҳәатә парад мҩаԥысит