Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы аныҳәатә парад мҩаԥысит

© Sputnik / Томас Тхайцук Возложение цветов у памятника Неизвестному солдату
Возложение цветов у памятника Неизвестному солдату   - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2022
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалахәын 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи.
АҞӘА, лаҵара 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа имҩаԥысит 1941-1945 шықәса рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира 77 шықәса ахыҵра иазку апарад.
Гәырӷьаратә шьаҿеиқәшәарала амҩа ианысит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аруаа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәуп 7-тәи арратә базеи Аҳәаахьчаратә маҵзуреи рыруаа.
Апарад зегьы арратә музыка нарыгӡон еидкылоу арратә оркестр.
Апарад напхгара аиҭон Аԥсны атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵәыџьба, апарад идикылеит- атәылахьчара аминистр Владимир Ануа.
Возложение цветов у памятника Неизвестному солдату   - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2022
Аԥсны
Аԥсны ахадара идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит
Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа еиҿкаан адәаҿтәи акҿаҩра.
Ажәабжьқәа зегьы
0