Аԥсны

Аԥсны ААР ахада Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Аиааира Ду лыдиныҳәалеит

Мариа Ломакина лҭаацәа лыманы Аԥсныҟа нхара ҳәа дааит 1947 шықәсазы, аус луан Аҟәа аҳәынҭқарратә дачаҟны.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 9 – Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аиааира Ду лыдиныҳәалеит 94 шықәса зхыҵуа аибашьра аветеран Мариа Ломакина. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

"Изызҳауа аҿар Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҭоурых рдыруазар ауп, атыл аусзуҩцәа ргәымшәареи Аиааира аагаразы рлагалеи ҳаҭырла иазыҟазар ахәҭоуп", - иҳәеит Инал Арӡынба.

Мариа Ломакина 1942-1945 шықәсқәа рзы Новороссииски Шәачеи еимаздо амҩаду аргылараҿы аус луан. Аибашьра ашықәсқәа рзы ари амҩала ахәцәа мҩаныргон.
Аибашьра аветеран лгәалашәарақәа рыла, амҩа аргылараан Асовет Еидгыла Афырхаҵа амаршал Гьаргь Жукови лареи еиқәшәеит, реицәажәараҿы иара ус иҳәеит "Родина Вас не забудет!"
Аԥсны
Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы аныҳәатә парад мҩаԥысит
Мариа Ломакина лҭаацәа лыманы Аԥсныҟа нхара ҳәа дааит 1947 шықәсазы, аус луан Аҟәа аҳәынҭқарратә дачаҟны.
Инал Арӡынба Мариа Ломакина аҳамҭақәа ланеишьеит, агәабзиара ӷәӷәеи ашықәснҵыра дуи лзеиӷьеишьеит.