Аԥсны

Бжьаниа Путин Аиааира Ду амш идиныҳәалеит

1945 шықәса Лаҵара 9 аҽны Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду еилгеит. Уижьҭеи сынтәа 77 шықәса ҵит. Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа иахьа Аиаааира Ду амш азгәарҭоит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 9 – Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа урыстәылатәи иколлега Владимир Путин идиныҳәалеит Аиааира Ду амш, абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.

"Аџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи иага аамҭа рацәа царгьы, ҳажәларқәа ҳаҭырқәҵарыла иргәалашәалоит анацизм иаиааины, аԥсадгьыл ахьчареи ахьыԥшымреи азаазгаз афырхацәа", - ҳәа аҳәоит адныҳәалара аҟны.

Иара убас Бжьаниа иазгәеиҭеит, агәра шиго еиҵагыло абиԥарақәа зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз рыхьӡ камыршәқәа, Аԥсни Урыстәылеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа еихаҳауа ишырго.
Аԥсны
Анқәаб: анацизм аидеиақәа иахьагьы рыԥсы ҭазаап
Аҳәынҭқарра ахада урыстәылатәи иколлега изеиӷьеишьеит имариам иусқәа рыҟны ақәҿиарақәа, Урыстәыла Афедерациа ажәлар - аҭынчреи аинҭәылареи.