Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Анқәаб: анацизм аидеиақәа иахьагьы рыԥсы ҭазаап

© Sputnik / Томас ТхайцукАлександр Анкваб
Александр Анкваб  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр урыстәылатәи иколлега иахь иишьҭыз адныҳәалараҿы изеиӷьеишьеит аҭынчреи, аизҳазыӷьареи, ԥхьаҟа еиҵагыло абиԥарақәа ирԥылаша аихьӡара бзиақәеи.
АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Урыстәыла Аиҳабыра рхада Михаил Мишустин идиныҳәалеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игоу Аиааира 77 шықәса ахыҵра. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аминистрцәа реилазаара асаит.
Анқәаб иазгәеиҭеит милаҭ рацәала еилаԥсаз Асовет Еидгыла Аиааира ишазықәԥоз, зегьы рыжәҩахыр еибыҭаны ԥсра зқәым афырхаҵара аадырԥшит Ҳаԥсадгьыл ду аиқәырхаразы.
Иара инаҵшьны иҳәеит Аԥсны ҳаҭыр ду шақәырҵо, ишазгәыдуу Аиааира аветеранцәа ргәымшәара, иҭахази иахьанӡа изымааизи ргәалашәара шкадмыршәуа.
"Ажәашықәсақәа рышьҭахь, ари аныҳәа ԥшьа ҩаԥхьа ҳаԥыло, ҳара еилаҳкаауеит анацизм ашәарҭара ду шаҵоу, уи аидеиақәа иахьагьы рыԥсы ҭазаап. Ҳара ҳҩызаратә ҳәынҭқарра, ҳастратегиатә партниор - Урыстәылатәи Афедерациа - иахьатәи аамҭазы уи иаҿагыланы Украина ақәԥара иақәшәеит", - иҳәеит аԥыза-министр.
Аԥсны Аиҳабыра рхада агәрагара ааирԥәит Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда иаарласны қәҿиарала ихыркәшахап ҳәа.
Иара даҽазныкгьы игәалаиршәеит Аԥсны Урыстәыла ари азҵаараҿы ишадгылоу, ҷыдала иуҳәозар, Аԥснынтәи хатәгәаԥхарала арратә операциа иалахәхарц аибашьцәа шцаз.
Президент РФ В. Путин провел переговоры с президентом Белоруссии А. Лукашенко - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2022
Аԥсны
Путин Аԥсны ахадеи уи ажәлари Аиааира Ду 77 шықәса ахыҵра амш рыдиныҳәалеит
Ажәабжьқәа зегьы
0