Аԥсны

Аԥсуа диаспора Москва имҩаԥысыз акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" иалахәын

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 10 - Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Москватәи аԥсуа диаспора Урыстәыла аҳҭнықалақь аҟны имҩаԥысуаз акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" иалахәын ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Татиана Гәлиаԥҳа.
Аԥсны
Аҟәа имҩаԥысит акциа "Ԥсра зқәым архәҭа"
Лара лажәаәқа рыла, 50-ҩык рҟынӡа аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа абираҟқәеи Аибашьра Ду аана иҭахаз рфотосахьақәеи рыманы Москватәи амҩақәа ирнысит.
“Ари акциа уаанӡагьы ҳалахәхахьан, аха уажәы ҩышықәса рышьҭахь иара еиҭахацыркхеит. Ҳара традициа ҳасабла аметро Белорусскаиа аҿаԥхьа ашҭа ду аҿы ҳаиқәшәеит. Твертәи амҩаҟынтә Ашҭа ҟаԥшь ахь ҳнеит. Акыр ишыхьшәашәаразгьы ауаа рацәан. Абыргцәа, аҿар, ахәыҷқәа зманы инеизгьы ыҟан. Ари амш ииашаны афырхацәа ҳаҭыр рықәҵара иамшуп”, - лҳәеит Гәлиаԥҳа.
Гәлиаԥҳа иазгәалҭеит аҭагылазаашьа аныҳәатә ҟазшьеи алахьеиқәреи аамҭак ала ишаныԥшуаз.
“Аӡәгьы еиҿкаарала уахь ауаа неимыԥхьеит. Дасу иахәҭаны ишьаны днеит. Аҭагылазаашьа агәырӷьара аныԥшуан", - ҳәа лҳәеит лара.
1 / 4

Москва "Ԥсра зқәым архәҭа"

2 / 4

Москва "Ԥсра зқәым архәҭа"

3 / 4

Москва "Ԥсра зқәым архәҭа"

4 / 4

Москва "Ԥсра зқәым архәҭа"

Татиана Гәлиаԥҳа лхаҭа лакәзаргьы акциахь лаб иашьа Владимир Гәлиа (Дырмит Гәлиа иԥа) ифотосахьа лыманы днеит. Иара Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда дыбжьаӡит.
Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа ахахаҭранкцәа иара убасгьы Ашҭа ҟаԥшь аҿы имҩаԥысуаз Апаради ашьха Поклоннаиаҿ игылоу аманумент аҿаԥхьа ашәҭқәа рышьҭаҵареи ирылахәын.