Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа имҩаԥысит акциа "Ԥсра зқәым архәҭа"

© Sputnik / Томас Тхайцук Празднование дня Победы в Сухуме
Празднование дня Победы в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2022
Анапаҵаҩра
Аиааира Ду амш аҽны акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" мҩаԥысит Аҟәа, Гәдоуҭа, Тҟәарчал, Очамчыра, Гагра. Аиҿкааҩцәа- Аҟәа иҟоу Аурыс ҩны, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аԥша амузеи, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭеи араионқәа рхадареи рыцхыраарала.
АҞӘА, лаҵара 9 – Sputnik. Аиааира Ду амш лаҵарамза 9 аҽны Аҟәа имҩаԥысит акциа "Ԥсра зқәым архәҭа".
Сынтәа акциа иалахәын шәҩыла ауааԥсыра. Алахәылацәа Ахақәиҭра ашҭаҿы рҽеидкыланы Гәлиа имҩа ианысны Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәахьы икылсит, акциа хыркәшан Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа.
Аҟәа инхо Анна Григориан акциа раԥхьаӡакәны далахәын. Лажәақәа рыла, аветеранцәа ҳаҭыр рықәҵалатәуп, урҭ рфырхаҵара изызҳауа абиԥарақәа ирызнагалатәуп.
Возложение цветов у памятника Неизвестному солдату   - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2022
Аԥсны
Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы аныҳәатә парад мҩаԥысит
Анна акциа далахәын лабду иаб Левон Саланджиан ипортрет лыманы, иара дҭахеит 21 шықәса аныихыҵуаз Тҟәаԥс. Лажәақәа рыла, иеибашьратә мҩа аҭоурых ҿахҵәоит жьҭаара 10 1942 шықәсазы. Аҭаацәа ишырдыруа ала иара дҭахоит арҭҟәацга иахҟьаны.
"Ицеибашьуаз иҩызцәа фырхаҵарыла дышҭахаз санду илзеиҭарҳәон, аха уи лара ахаҵара лҭахымызт, уи азы аҭоурых ҳалацәажәаӡомызт", - лҳәеит лара.
Акциа рхы аладырхәит Аҟәа ақалақьа иаланхо ахәыҷқәагьы. Быжьшықәса зхыҵуа Нар Ҳашыг иҭаацәа рабдуцәа Берлиннӡа инаӡаз, аҳамҭа ҳаракқәа занашьоу Ҭарашь Цикутаниеи Иван Аргәыни рфотосахьақәа кны амҩа данысит.
"Еибашьрада ҳаԥхьаҟатәи ҳапсҭазаараз дара ҳаԥсадгьыл рыхьчон", - иҳәеит иара.
Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" Аԥсны есышықәса имҩаԥысуеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны аиаара амшныҳәа инақәыршәаны. Раԥхьаӡа акәны акциа мҩаԥган 2012 шықәсазы Томск аҭыԥантәи ажурналистцәа раԥшьгарала.
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ргәалашәара ахьӡала раԥхьаӡа акәны акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" мҩаԥысит цәыббра 30, 2016 шықәсазы. Усҟан уи рхы аладырхәит ҩнызқьи бжаки ауааԥсыра.
Ажәабжьқәа зегьы
0