Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Луганск Урыстәылатәи ар рыцхыраарала ареспублика аҳәаахь инеит

Sputnik
АҞӘА, 10 мая - Sputnik. Луганск Урыстәыла ар рыцхыраарала Попаснаиа рыцқьаны Украина аҽыхьчара цәаҳәа ԥжәаны ареспублика аҳәаахь инеит ҳәа иҳәеит ашьыжьтәи абрифинг аҿы Урыстәыла атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак ҷыда, аинрал-маиор Игор Конашенков.

"Лугансктәи Жәлар рмилициа Урыстәылатәи ар рыцхыраарала амилаҭеилыхыҩцәа Попаснаиа иалырцеит, Украина аҽыхьчара цәаҳәа ԥжәаны ареспублика аҳәаахь инеит", - иҳәеит иара.

Аинрал иазгәеиҭеит ажәылараан ишҭархаз 120-ҩык амилаҭеилыхыҩцәа, 13 ак акәылӡтехника, 12 автомашьына.
Донбасс ахьчараз урыстәылатәи аруаа аоперациа ҷыда мҩаԥыргоит жәабран 24 раахыс.