Украина раԥхьатәи ахада Леонид Кравчук идунеи иԥсахит 88 шықәса дшырҭагылаз

Аҵыхәтәантәи ҩышықәса Кравчук Донбасс аҭагылазаашьа аҭышәнартәалараз аимадаратә гәыԥ ахантәаҩыс дыҟан.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 10 - Sputnik. Акыраамҭа ихьуаз ачымазара иахҟьаны Украина раԥхьатәи ахада Леонид Кравчук идунеи иԥсахит аҩаша лаҵара 10 азы, абри атәы аанацҳауеит "Украинские новости" аполитик иҭаацәа ражәақәа шьаҭас иганы.
"Украина раԥхьатәи ахада Леонид Кравчук идунеи иԥсахит иахьа лаҵара 10 азы, акыраамҭа ихьуаз ачымазара иахҟьаны", - ҳәа аҳәоит аацҳамҭаҿы.
Кравчук 88 шықәса ихыҵуан.
Леонид Кравчук Украина ахадас далхын ԥхынҷкәын 1 1991 шықәсазы. Алхрақәа рнаҩс мчыбжьык ашьҭахь Кравчук инапы аҵеиҩит Беловежтәи аиқәшаҳаҭра, Асовет Еидгыла шеилаҳаз азгәазҭоз ашәҟәы. Аҳәынҭқарра ахадараҿы дыҟан ԥхынгәымза 1994 шықәсанӡа.
ХХ ашәышықәса агеополитикатә рыцҳара ду ахыҵхырҭеи аҵаки
Ԥхынгәымза 28 2020 шықәса инаркны жәабран 21 2022 шықәсанӡа Кравчук Донбасс аҭагылазаашьа аҭышәнартәалараз аимадаратә гәыԥ ахантәаҩыс дыҟан.