ХХ ашәышықәса агеополитикатә рыцҳара ду ахыҵхырҭеи аҵаки

© Sputnik / Кирилл КаллиниковПосетители идут вдоль стенда с боевыми знаменами СССР в музее Росгвардии в Москве.
Посетители идут вдоль стенда с боевыми знаменами СССР в музее Росгвардии в Москве. - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.12.2021
Анапаҵаҩра
Сынтәа ԥхынҷкәын 30 азы СССР еилаҳаижьҭеи 30 шықәса ҵуеит – ԥхынҷкәын 8 1991 шықәсазы Беларуссиа, Урыстәылатәи Афедерациа (РСФСР), Украина рхадацәа "Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа Реидгыла аԥҵаразы Аиқәшаҳаҭра" (иаофициалым ахьӡ – Беловежтәи аиқәшаҳаҭра) рнапы аҵарҩит.
Ростислав Ишьенко, жәларбжьаратәи ахҳәааҟаҵаҩ –Sputnik азы
СССР аамҭа иаҵанакуаз абиԥара ыҟанаҵы Урыстәыла аимакқәа цәырҵлоит – Асовет Еидгыла аиқәырхара ауазу иамуазу ҳәа. Убри аан аиҳараҩык ҵаҵӷәны ирбо аекономикатә ҭагылазаашьоуп.

Ииашаҵәҟьаны аекономика хәарҭа амамкәа иҟазма

Иҟоуп изҳәо асовет економика хәарҭа амамызт, убри азы Аидгыла аиқәырхарагьы алшомызт ҳәа. Аҽа џьоукы ирҳәоит СССР аиқәырхара алшон Горбачев, Ельцин, Кравчук, Шушкевич рҩызцәеи дареи наԥхаҩцәамзар ҳәа.
Актәиқәа ирҳәо садгылоит абри аамҭазы асовет економика еиқәырхашьа амамызт ҳәа иԥхьаӡо. Сара сзы иаксиомахеит 1990 шықәсазы асигаретқәа атәылаҿ рықәӡаара. Иқәӡааит аҭаҭын аалыҵ. Мышкы, мчыбжьык, мызкы рышьҭахьгьы ицәырымҵит. Ҩбаҟа мзы рышьҭахь ауп маҷ-маҷла адефицит аԥырырхуа ианалага, уигьы ана-ара ирыԥшааз аимпорттә аалыҵ ала.
Подпись документов  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2021
Аурысшәа иаԥырхагоу, аекономикагьы даԥырхагоуп: аекспертцәа ргәаанагара
Аҳәынҭқарра дууӡӡа, зекономика Аҳәынҭплан ала имҩаԥысуаз, жәабала аҭаҭынфабрикақәа аус ахьыруаз аҟны аамҭакала аҭаҭын аалыҵ аӡра – аҭаҭын ахаҩцәа рзы мацара иуадаҩрамызт, ари иаанагоз афабрикақәа аангылеит, зықьҩыла ауаа усурҭада иаанхеит акәын.
Ари иаанагоз Аҳәынҭплан аҳәаанырцә аалыҵ аахәара азыԥхьагәанамҭеит, ахатәы аалыҵ азхомызт акәын.
Аҭагылазаашьа иаанарԥшит апроблема хада: асовет економика система ҳасабла аиаӡаара. Ус анакәха СССР аекономикатә уадаҩрақәа аамҭалатәымызт, урҭ асистематә ҟазшьа рыман. Асистематә уадаҩрақәа дара зырҿиаз асистема аҳәаақәа ирҭагӡаны иузыӡбаӡом.

Асовет Еидгыла шыҟац инхар ауан. Нас иҟалеи?

Ари зегьы СССР ықәӡаар акәын ҳәа акәӡам иаҳәо. Ииашоуп, СССР економикала хра амамызт, аха ишыҟац иаанхар ауан. Усеиԥш иахьагьы иҟоуп Сомали, Афганисҭан, Украина. Арҭ атәылақәа еиҳагьы еицәоу аҭагылазаашьа рымоуп СССР 80- 90-тәи ашықәсқәа раан изҭагылаз аасҭа.
Сомали административтәии аполитикатәии ахагәҵәытәқәа зынӡагьы иҟаӡам, Украина аҟазаара формалуп. Аҳәынҭқарра аклассикатә ҟазшьа Киев зынӡагьы аҭыԥ амаӡам. Афганисҭан акәзар аталибцәа аграждантә еибашьра иқәнагаз аҳәынҭқарра шьақәҳаргылоит ҳәа рҽазыршәоит.
60 шықәса раԥхьа аппарат Луна-2 Амзаҟынӡа инаӡеит. Иара уахь инанагеит ашьапылатә мпыл еиԥшны иҟаҵаз ампышҭа ҭацәқәа 3, урҭ иаарыкәыршаны СССР , СССР. Сентябрь 1959 ҳәа аҩырақәа рнын. - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.09.2019
Роскосмос СССР Амзатә программа адокументқәа амаӡара рыхнахит
СССР аекономика аилаҳара анапхгаратә структурақәа рахь имиасыцызт. Дара рнапынҵақәа нарыгӡон СССР анеилабга ашьҭахьгьы. Реиҳарак реиҟәшара уадаҩын. Иаҳҳәап ИАР Еидҵоу арратә мчрақәа амаршал Шапошников инапхгарала 1993 шықәса цәыббрамзанӡа кьыс рымамызт.
Аидгыла ачынуаа ҭиҩцәа ракәӡам еилазыжьыз. Аҳәынҭқарратә аппарат аус ауазар, иалшоит аҳәынҭқарра ахада ичарҳәарагьы иаиааир алшоит. Николай I иазхеиҵон атәылаҿ анапхгара шыруа абжьаратә биурократиатә мчрақәа, анапхгаратә мчра знапаҿы изку.

Атәыла аилабгара амзыз иаша

СССР мап ацәнакит абиурократиа. Абиурократцәа рзы асистема аԥсҭазаара шалымшо азы сигналк еиԥшхеит Аконституциа афбатәи ахәҭа, КПСС напхгаратә мчраны изшьоз аԥыхра. Кремль апартиатә мчра асоветқәа рымчала аԥсахра аҽазнашәеит.
Апартиагьы хьаҵит. Аха асоветқәа амчра анапахьы аагара рылымшеит. Атәылаҿы аполитикатә хыла-гәыла аилазаара ахы шьҭнахит.
СССР аԥыхра иацхрааит амзыз рацәа. Иааркьаҿны иуҳәар ауеит: аекономикатә уадаҩрақәа ирхырҟьаны апартиа ахадацәа анапхгара амодель рыԥсахырц иалагеит.
Иазыԥхьагәаҭан напык аҿы амчреи аҭакԥхықәреи реидкылара (уаанӡа амчра апартиа иаман, аҭакԥхықәра – асоветқәа) анапхгара хра аманы иҟанаҵоит ҳәа.

КПСС аҭоурых акафедрақәа, марксизм-ленинизм ауниверситетқәа, апартиатә школқәа роушьҭымҭацәа ареформа ззыруыр ирҭахыз асовет економика акәым изызнеирц рҭахыз аџьырмыкьатә економикагьы закәыз рыздырамызт, ареформақәа рхықәкқәа рзеилкаауамызт. Апартиа иааннажьыз аха асоветқәа ирзышьҭымхыз амчра шырцәыӡуаз анырба еилаҩеиласит.

Зегь аилаҩеиласра иагәыланахалоит

Ареспубликатә партиатә елитақәа кремльтәи ареформақәа ирыцәшәеит. Кремль арегионалтә елитақәа ареформақәа ишырҿагылоз адыруан. Убри аан иреиҳауи ибжьаратәызи анапхгаратә системақәа рыбжьара агәреибамгаратә тымитыша ааԥшит. Кремль аҭыԥантәи акадрқәа реиҭныԥсахлара мҩаԥнагарц иалагеит, аха аҭагылазаашьа еиҳагьы иаруадаҩит. Уаанӡатәиқәа, зылшара рдыруаз рпартниорцәа ирзымдырӡоз апопулистцәа, баша ацәажәаҩцәа рыла ирыԥсахит.
Аполитикатә хыла-гәыла аилазаара абиурократцәа рыбжьара "Хахәароуп иҟоу" ҳәа алозунг цәырнагеит.
Анатолий Лукьянов - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.01.2019
СССР Иреиҳаӡоу Асовет аҵыхәтәантәи ахантәаҩы Лукианов иԥсҭазаара далҵит
Кремльтәи амчра абжьаратә биурократиатә мчра анацәыӡ, иаалырҟьаны аҳауа иалоушәа инхеит. СССР усҟантәи ахада Михаил Горбачевгьы убри ауп Беловежтәи аиқәшаҳаҭра инапы заҵеиҩыз. Иҟоуп ашәыргәындарагьы. Дацәшәон инапаҵаҟа иҟаз амчрақәа изықәнаго рҭакра ацынхәрас иара ихаҭа дышҭарымкуаз агәрагара имамызт.
Арегионалтә елитақәа ракәзар ацентр амчыдара анырба, рлахьынҵа рнапахьы иааргарц иалагеит.
Аидгыла ду ҭахеит избанзар иара ахьчара аинтерес змаз аполитикатә мчрақәа маҷхеит.
Убри аан иара еилазыжьыз ақәгәыӷуан ацентр рԥырхагамкәа хаҭа-хаҭала рнапы иаку ишырҭаху иааныркылап ҳәа. Аха даргьы аханатә ирзеилкаауамызт ирҭахыҵәҟьаз, иарбан политикатә еиҿкаароу иаԥырҵарц ирҭахыз, иаԥҵашьазгьы рыздырамызт.

Асовет Еидгыла аҵакыра зегь аҿы аилаҩеиласра

Абри азоуп 1991 шықәсазы атәыла алахьынҵа нагӡаны изамыӡбоз. Ирацәаҩын згәы иаанагоз Аидгыла ахьӡ аԥсахуеит, амчра хада аформа еиҭанакуеит, уи алагьы еилгоит ҳәа. Аԥхьанатә, СССР аилаҳара ашьҭахь аславиан тәылақәа реидгыла (Урыстәыла, Украина, Белоруссиа) раԥҵара рыгәҭакын.
Усҟантәи аамҭақәа рзы ахьыԥшымра рыларҳәахьан Прибалтика, Молдавиа, Қырҭтәыла, Ермантәыла, Азербаиџьан, Белоруссиа, Украина. Мински Киеви арҭ апроцессқәа раанкылара ауыртә иҟазар, Прибалтика ари бџьарда иузалыршомызт. Молдавиа акәзар Приднестровиатәи аимак аибашьрахь икылсхьан.
Иара убасҵәҟьа акәын ишыҟалахьаз Ашьха Ҟарабахгьы. Қырҭтәыла аԥхьатәи ахада Звиад Гамсахурдиа иахҳәаразы аҽазыҟаҵарақәа ирҿын.
Аграждантә еибашьра ашәхымс илагылан Таџьикистан.
Беловежтәи аиқәшаҳаҭра знапы аҵазҩыз аԥхьа ргәы иаанагозар ҟаларын ари квази-еидгыла аславиан тәылақәа рыла ихыркәшахоит ҳәа. Аха нас аидгыла ахьӡ еиҭаркит – Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа Реидгыла ҳәа, изҭаххоз рҽадырхаларц.
Аԥхьа уи рҭаххеит Абжьаратәи Азиа атәылақәа, Аахыҵ Кавкази Молдавиеи. Прибалтика ИАР алалара мап ацәнакит.
Ирылагеит аусбарҭақәа реилазаарақәа раԥҵареи рыхьыӡқәа реиҭакреи. Ус зыҟарҵоз иҟазҵозгьы цқьа ирыздырамызт. ИАР жәларбжьаратә еиҿкааран аҟаҵараз аӡбра рыдкылан 1993 шықәсазы. Убри аан Украина ИАР аԥҟаԥҵәа анапы аҵанамҩит.
Флаг СССР на Красной площади в день 1 Мая - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.08.2018
Прибалтикатәи атәылақәа Урыстәыла "асовет оккупациазы" ауал адыршәар рҭахуп

ИАР аамҭакны аилыҵреи аилалареи ирҟазшьахеит

ИАР алахәылацәа аԥхьатәи амшқәа инадыркны аԥеиԥшқәа еиԥшымкәаны иахәаԥшуан. Иара аидҵаратә механизмуп ҳәа ишыршьоз аиԥш аилыҵра иамеханизмуп ҳәагьы иршьон.
Ари иаанарԥшуеит СССР анеилаҳауаз аамҭазы абиурократцәа рыгәҭа анапхгаратә хыла-гәыла аилазаара аҭыԥ шамаз. Асеиԥш иҟан 1993-1994 шықәсқәа рҟынӡагьы. Арҭ аамҭақәа раан иалшон аҽеидҵарагьы аҽеидыхрагьы.

1992-1993 шықәсқәа рынахыс ауадаҩрақәа еиҳа имаҷхеит, аҳәынҭқарра ҿыцқәа рхатә напхгаратә усбарҭақәа аԥырҵо иалагеит аполитикатә аидҵаратә проектқәа анышә иаҭаны. Аекономикатә аидҵара акәзаргьы еиҳа зҵакы дууз аекономикатә еимадарақәа роуп еиқәнархаз.

1992 шықәса лаҵарамзазы ИАР Аколлективтә шәарҭадараз аиқәшаҳаҭра анапы аҵанаҩит, арра аусхк аҟны иҟаз аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы.
90-тәи ашықәсқәа рыбжазы ИАР ахықәкы нанагӡеит. Асовет аамҭа ашьҭахьтәи аҭагылазаашьа уадаҩ аҭыԥ иқәҵан. Аҳәынҭқаррақәа зегьы суверентә ҳәынҭқаррақәан, рнапхгарақәагьы амилаҭтә кадырқәа рыла еиҿкаан.
90-тәи ашықәсқәа аҩбатәи рыхәҭазы аиҭашьақәгыларатә еканомика акыр аҽеиҵнахит, 90-тәи ашықәсқәа рыкризис иахысит.

Аидҵара аформа ҿыцқәа

СССР аиҭарҿиараз алшарақәа рышә наӡаӡан иакит. Абри инаркны аидылара зынӡа аҽа принципқәак рыла иҟалар акәхеит – иаку аекономикатә, аиуристтә, арратә ҵакыра аҟазшьала. Иаку усбарҭак аҳасаб ала акәымкәа – еимадаратә формак, еиныррак аҳасаб ала.

Ари аформат актуалтә усдҵақәа ирықәшәомызт. Убри азы ИАР иреиҳаӡоу анапхгаҩцәа рыклуб иеиԥшхеит. Иара аҳәаақәа ирҭакны ахадацәа, аԥыза-министрцәа, аминистрцәа ИАР актуалтә уадаҩрақәа ирылацәажәон, азҵаарақәа рыӡбара аформатқәа рыԥшаауан.

Иаԥҵан аусбарҭа ҿыцқәа (Аҳазалхратә еидгыла, ЕАЕС, ШОС). Асоветшьҭахьтә ҵакыраҿы ИАР Британиатәи аидгыла еиԥшны иахәаԥшуан.
Асоветшьҭахьтә елита СССР ацынхәрас иаԥырҵаз аилак иааидкыланы анапынҵа нанагӡеит. Иара иҵегьы еиӷьны хра аманы аус аур ҟалон, аха амилаҭтә елитақәа еснагь Урыстәыла аԥыжәара агаразы ИАР ахы ианархәоит ҳәа азырыԥхьаӡон. Абри инадҳәаланы Москва аԥшьгамҭақәа жәпакы формаллоуп ишрыдыркылоз. Аус аҿы уи иаԥырхаган. Аԥхьанатә иазԥхьагәаҭаз азеиԥшҵакыратә идеиа аус амуит. Уажәы урҭ аидҵаратә проектқәа Урыстәыла апартниорцәа ирзыфеидам аформат ала имҩаԥысуеит.
Аԥсыҽра аамҭа цеит. Иааит Урыстәыла аӷәӷәара аамҭа.
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0