Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи ар аоперациа ҷыда иалагазар украинатәи АРК 300 ҭадырхахьеит

Ииасыз уахык ала Урыстәыла аҳаиртә ар иҭадырхеит ари атехникеи реилагыларҭа ҭыԥқәа 16.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 10 - Sputnik. Урыстәыла ар аоперациа ҷыда иалагазар украинатәи азенит-ракетатә системақәа 300 ҭадырхахьеит иҳәеит Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак ҷыда, аинрал-маиор Игор Конашенков.

"Арратә операциа ҷыда иалагазар украинатәи аибашьыга ҳаирпланқәа 163, аԥырҩы дызҭам аппаратқәа 793, авертолиотқәа 124, азенит-ракетатә комплексқәа 300, 1440 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 2789 кәылӡмашьынеи ҭадырхахьеит", - иҳәеит иара ашьыжьтәи абрифинг аҿы.

Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла аракетатә ар ааха рнаҭеит 33 напхгараҭаратә ҭыԥ, 407 ари атехникеи ргыларҭа, Николаевтәи аобласт аҿы аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәеи абылтәыҵәахырҭақәеи хәба. Иҭархоуп 380 милаҭеилыхыҩцәа, 53 ак арратә техника иҳәеит аинрал.
Лаҵара 9 ауха Харьковтәи аобласт аҿы жәҩанаҿтәи аибашьраан икажьуп аҳаирплан Су-25.