Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Херсонтәи аобласт Урыстәыла алалара агәҭакуп

Украина абџьархыхразы аоперациа ҷыда амҩаԥгараан урыстәылатәи ар Херсонтәи аобласти Азов иаԥну Запорожиетәи аобласти рхылаԥшра анапахьы иааган арра-тәылауаҩратә хадарақәа аԥырҵеит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 11 – Sputnik. Херсонтәи аобласт анапхгара Урыстәыла ахада Владимир Путин иахь аҳәара ҟарҵеит арегион Урыстәыла иалаларц. Абри атәы АИХқәа ирзеиҭеиҳәеит арегион арра-тәылауаҩратә хадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Кирилл Стремоусов.
"Херсон ақалақь – Урыстәылоуп. Херсонтәи аобласт аҿы Херсонтәи Жәлар рреспублика ҳәа акгьы аԥҵахом, ареферендумгьы ҟалом. Херсонтәи аобласт ахадара Урыстәыла ахада иахь иҟанаҵаз аҳәамҭа шьаҭас иаиуеит, Урыстәылатәи Афедерациа иахәҭакны иҟаларц аҳәара ҟаҳҵоит", - иҳәеит Стремоусов.
Иара иазгәеиҭеит Херсонтәи аобласт ашықәс нҵәаанӡа Урыстәыла анапаҵаҟахь аиасра шагәҭаку.
Украина абџьархыхразы аоперациа ҷыда амҩаԥгараан урыстәылатәи ар Херсонтәи аобласти Азов иаԥну Запорожиетәи аобласти рхылаԥшра анапахьы иааганы арра-тәылауаҩратә хадарақәа аԥырҵеит. Аус руеит урыстәылатәи ателеканалқәа, арадио, Ҟрыми аобласти рыбжьара акоммуникациақәа еиҭашьақәдыргылоит. Лаҵарамзаахыс урыстәылатәи амааҭ ахь ииасит.